АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Урыстәылауаҩ дыбжьаӡит Гәылрыԥшь араион Ажара ақыҭан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
1979 шықәсазы ииз ахаҵа аҭыԥантәи абнатә усхк аҿы аус иуан.
Кәыдрытәи аҩхаа, Ажара ақыҭан аԥшаарақәа иаҿуижьҭеи ҩмшуп. АҶА аусзуҩцәа ашьхаҟьаҟьареи аӡиас Мрамба аӡыҳәҭеи еимырдааит", - ҳәа аҳәоит акьыԥхь аҟны.
Аха аԥшаарақәа лыҵшәадоуп.