Аԥсны

Аԥқьаҭымпыл азы ахәыҷтәы турнир аатит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 10Sputnik. Аԥқьаҭымпыл азы ахәыҷтәы турнир аатит Аҟәа.
Аицлабрақәа Москва ақалақь Амш иазкуп.
Иалахәуп 45-ҩык ахәыҷқәа қәрала еихшаны — 8 – 10; 10 - 13 шықәсқәа зхыҵуа ҳәа.
Атурнир цәыббра 12 рҟынӡа имҩаԥысуеит. Аиҿкааҩ – Аҟәа иҟоу Москва Аҩны, адгылара ҟарҵеит — Москва Аиҳабыра, Москва адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа р-Департамент, аицџьынџьуаа Москватәи Рыҩны.