Аԥсны

Аԥсны АШәМ-и Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзуреи агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 10Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзуреи аҳәынҭқарратә ҳәаа иахыԥрааны агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит АШәМ асит.
Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны АШәМ анапхгаҩы Дмитри Қәычбериа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Сергеи Шьедрин, Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов.
Дара Кәыдры аиҩхааҿы иҟоу Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи рҳәаахьчаратә ҟәшақәа гәарҭеит, ирзыӡырҩит адҵаҟаҵаҩцәа Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьазы раҳасабырбатә жәахәқәа.
"Аҭакԥхықәра зду аҭыԥ агәаҭара қәҿиарала имҩаԥысит, аиҿцаарақәа рылҵшәақәа ахҳәаа ҟаҵан, аҳәынҭқарратә ҳәааҿы аилагарақәа ртәы аарԥшымызт", – ҳәа аҳәоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә усбарҭа иҭнажьыз аҭыжьымҭаҿы.