Аԥсны

Примаков: Урыстәыла аӷацәа Аԥсны аҟәыргар рҭахуп

Россотрудничество аиҳабы иажәақәа рыла, егьырҭ атәылақәа аԥара рацәа
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 10Sputnik. Урыстәыла аӷацәа Аԥсны аҟәыргар рҭахуп ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Россотрудничество ахада Евгени Примаков.
"Дара еснагь рнапы еиқәыԥса итәамызт, еснагь ирҭахын Аԥсны Урыстәыла иаҟәыргар, дара рахь ихьадырԥшыр. Активла аус руеит, аԥара рацәагьы ақәдырӡуеит. Ҳақәшаҳаҭхар ҟалома? Ҳнапқәа ҳаваҳажьыр ҟалома? Ҳәарада, мап", — ҳәа иҳәеит иара.
Примаков инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла аҩны ареспубликаҿы активла аус шауа, хаҭала Аҟәеи Гали араионқәа рҿы. Уи анырра аҭара аӡәгьы даламгацт.