АҞӘА, цәыббра 11– Sputnik. Километраки бжаки абетон ықәҵоуп Аҩада Ешыра, Раиса Кәыркьԥҳа лыхьӡ зху ақыҭамҩаҿы ҳәа аанацҳауеит Аҟәа араион ахадара.
Ари амҩа ареспубликатә мҩаду хадахь икылсуеит.
Аусурақәа рҳәаа иҭагӡаны аӡцарҭақәа рсистема еиҭашьақәыргылан, ирҽеин Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҵакыреи ақыҭа школ ахь инагоу амҩадуи.