Аԥсны

Аиаша иашьҭаз аҵарауаҩ, аполитик: Иури Воронов игәалашәаразы

Цәыббра 11 1995 шықәсазы иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аполитикатә усзуҩ Иури Николаи-иԥа Воронов иуаҭах ашәхымс аҟны еихсны дыршьуеит.
Sputnik
Sputnik
Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, аполитик Иури Воронов ижәытәӡоу аурыс ҭауад хылҵшьҭрақәа дреиуоуп, литватәи аҭауад Дмитри Боброк-Вороновски иҟынтә иаауеит иабшьҭра. 1863 шықәсазы Воронов иабду иаб Николаи Илиа-иԥа Воронов ареволиуционерцәа дахьрыдҳәалаз иахырҟьаны Кавказҟа дахыргоит. 1874 шықәсазы Кавказ иахьаҵанакуа илшамҭақәа рзы Николаи Илиа-иԥа Ҵабал ақыҭан иҭан 463 десҭын адгьыл, уаҟа еиҿыркааит рынхарҭаҭыԥ "Ясочка". Абас ала, Вороноваа Аԥсны иқәнагалеит.
Иури Воронов диит лаҵара 8 1941 шықәсазы маи 8 рзы анхарҭаҭыԥ "Ясочка". Заԥхьаҟа иҵарауаҩханы иҟаз данхәыҷыз инаркны археологиа дазҿлымҳан. Уи зыхҟьазгьы Вороноваа ахьынхоз аҭыԥ ахаҭа акәын. Ҵабал ажәытәӡатәи аҭоурыхтә баҟақәа рыла ибеиоуп. Ашкол данҭаз археологиатә жрақәагьы дрылахәын.
Вороноваа р-"Ясочка": аҭоурых ду змоу аҩнра
Иури Воронов Аҟәатәи ахԥатәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь дҭалоит Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет. 1965 ашықәсазы иҵара хиркәшеит "аегиптологиа" азанааҭ ала.
Ауниверситет даналга Иури Воронов Аԥсныҟа дхынҳәны дызҿыз аус иациҵоит.
Иури Воронов дыԥхьаӡоуп ижәытәӡоу аԥсуа хылҵшьҭра – аԥсилааи, аԥсилиеи рыҭҵаараҿы иреиҳаӡоу специалистс. Ҵабал имҩаԥыгоз археологиатә ԥшаарақәа – Ҵабалтәи аекспедициақәа ҳәа хьӡыс ироуит.
Воронов аҵыхәтәантәи ишықәсқәа иузаҟәымҭҳо ирыдҳәалоуп Аԥсны имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа. Иара Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара агәҭаҵәҟьа иалагылаз дреиуан.
Арадио
Ҟаитан Иури Воронов изы: кавказҭҵаараҿы злагала еиҳада ҳәа усазҵаар, ихьӡ ауп схаҿы иааиуа
1991 шықәсазы иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далхын. Хәажәкырамза 1992 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 1993 шықәсанӡа иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ауаҩы изинқәеи жәларбжьартәи аизыҟазаашьақәеи рзы акомиссиа деиҳабын. 1993 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахада ихаҭыԥуаҩыс далхын, 1995 шықәсазы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс.
Иури Воронов дравторуп – 800 инареиҳаны аҭҵаарадырратәи апублицистикатәи статиақәа, уахь иаҵанакуеит 30 монографиа. Иҟоуп макьана икьыԥхьым аҵарауаҩ иусумҭақәагьы.
Цәыббра 11 1995 шықәсазы Иури Николаи-иԥа Воронов иуаҭах ашәхымс аҟны еихсны дыршьуеит. Анышә дамадоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ааигәара. Аҳҭнықалақь амҩадуқәа руаки ахԥатәи абжьаратә школи ихьӡ рхуп.