Аԥсны

Аԥсны аӡҭаларатә аамҭа анхыркәшахо еилкаахеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 11– Sputnik. Аԥсны аӡҭаларатә аамҭа хыркәшахоит жьҭаара 15 рзы ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, 2024 шықәса иалагазар аӡаҟны иҟалаз амашәырқәа аа-хҭыск ашәҟәы иҭагалоуп: ҩыџьа ауаа ҭахеит, фҩык реиқәырхара алшеит.
Зышәагаа кьаҿу аӷбақәа ринспекциа ари аамҭазы 12 зинеилагара аанарԥшит.
Аԥсны АҶА зышәагаа кьаҿу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа иазгәанаҭеит амшын анеисуеи арыжәтә ыжәни амшын аҭалар шыҟамло, ахәыҷқәа аҟәараҟны хымԥада адуцәа рхылаԥшлар шакәу.