Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аҩӡба абиуџьет ахашәала аихшара иазкны

Гәдоуҭа араион 22 қыҭа ирзоужьхеит 11 миллион мааҭ инацны. Аԥарақәа шԥеихшахеи, насгьы еиҳарак ацхыраара зҭахны иҟоузеи, иззырхахозеи урҭ, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба.
Sputnik
Ақыҭақәа ацхыраара рыҭара есышықәсатәи усмҩаԥгатәуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аҩӡба.
"Ҵыԥхтәи ахашәала еихшаны Дәрыԥшьни Лыхни 800-800 нызықь мааҭ рзауҳашьҭит. Егьырҭ 500-500 нызықь мааҭ. Лыхны Дәрыԥшьи иаҳа изалкаахаз уи ауп, Лыхны – ҽаҩраҭагалан аныҳәа мҩаԥгахоит, Дәрыԥшь аҽырыҩрақәа", - ҳәа иҳәеит Аҩӡба.
Уи инаҷыданы, аҵараҟәша иазоужьын х-миллион мааҭ.
Иара убас егьырҭ ахашәалақәа шеихшаз атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.