АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Аԥсны цәыббрамзази жьҭаарамза актәи азбжази урыстәылатәи атуристцәа еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аҭыԥқәа хәба ирыҵанакит.
АТОР ишаҩуа ала, ареспубликаҿ аԥсшьара иаҵанакуеит 4% бжьаратәла ирҭиуа атурқәа рҟынтәи.
Актәи аҭыԥ ааннакылоит Ҭырқәтәыла, (60%), аҩбатәи аҭыԥ — Египет (14%), ахԥатәи — ЕАЕ (8%) , аԥшьбатәи — Таиланд (6%), Аԥсныҟа атурқәа рыбжьаратә кассабӷьыц, амҩа налаҵаны, иартәеит +15%.
Убри аан нанҳәамза иаҿырԥшны цәыббрамзатәи акассабӷьыц 20% рыла илаҟәит.