Ашәыркәеи аутраҭыхқәеи маҷ-маҷ ииасуа иалагеит. Рынҵәамҭазгьы, ишаԥу еиԥш, еиҳагьы ихаахо иалагеит. Иҟоума макьана аҭыԥантәи акарпыжә, изеиԥшраз сынтәа уи аҽаҩра, уи иаҿыз анхаҩцәа рџьабаа бзабааны ирԥылама? Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Какәбаа.
Очамчыра араион анхацәа 200 гектар рҟынӡа адгьыл аҿы акарпыжә лаҵан.
"Мшыԥымзазы илазҵаз, ирықәымҿиеит. Лаҵармзазы иҟалаз ахьҭақәа ҿыц иааны иҟаз аҵиаақәа иаблит. Згәы казмыжьыз, ҿыц ицәаӷәаны иларҵеит. Лаҵармзазы илазҵаз ркарпыжә ииасит ҳәа азыҳәартә иҟоуп шьҭа. Рашәарамзазы илазҵаз ркарпыжәқәа хәыҷык ыҟоуп. Ат ыԥантәи акрпыжә макьана еиҭа иуԥылартә иҟоуп, аха асезон анҵәамҭахь анеира иаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какәбаа.
Аҭиира аты далацәажәауа Какәбаа иҳәеит, иззымҭииз шыҟоу, аҳәаа иахганы иҭаргало акарпыжә иахҟьаны. Анхаҩы иаарыхуа ахә маҷуп - 20-25 мааҭ иаԥсоуп. Ус аџьармыкьаҿы 40 мааҭ рҟынӡа иҟоуп, ҳәа иҳәеит иара.
Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, дыҟоуп анхаҩы 40 тонна зцәыбжьысыз, иахьизымҭииз иахҟьаны.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.