Аԥсны

Аҟәеи Лугански ақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Аҟәеи Лугански ақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура.
Аԥсуа делегациа Лугансктәи Жәлар Рреспублика иаҭааит, дара алахәуп Луганск ақалақь 229 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥырго ауснагӡатәқәа.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ахада Беслан Ешбеи Луганск ахада аамҭала ин.н. Иана Пашьенкои.