Аԥсны

Аслан Бжьаниа Дмитри Медведев иирамш идиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Дмитри Медведев иирамш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аԥсуа жәлар пату шырзақәу 2008 шықәсазы Аԥсны ихьыԥшым исуверентәу ҳәынҭқаррак аҳасабала азхаҵара аус аҿы Медведев иҟаиҵаз илагала.
"Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы шәлагала пату ҳзақәуп, шәыцхыраара еснагь иаҳныруеит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Бжьаниа Медведев изеиӷьеишьеит агәабзиара, ачҳара, аиааира ҿыцқәа.