Аԥсны

"Балтиатәи аҩны" Аҟәа имҩаԥнаго агастрольқәа ирыцҵоуп аспектакль "Таниа" ала

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. "Балтиатәи аҩны" Аҟәа имҩаԥнаго агастрольқәа ирыцҵоуп Алексеи Арбузов ипиеса иалху аспектакль "Таниа" ала.
Аспетакль алагамҭаз ахәаԥшцәа иацтәи аспектакль "Попрыгунья" иалацәажәон, иара убас урыстәылатәи артистцәа рҟынтәи иззыԥшу ргәаанагарақәа еибырҳәон.
Агастрольқәа хыркәшахоит цәыббрамза 16 рзы. "Балтиатәи аҩны" уаҵәы иддырбоит алакә "Мама Муи лҩызцәеи зықәшәаз ахҭысқәа", Иасмина Реза ипиеса ала "Ахацәеи аҳәсеи злацәажәо".