Аԥсны

Павел Арӡынба игәалашәара иазкны Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҟны аҽырыҩра мҩаԥган

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Павел Арӡынба игәалашәара иазкны Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҟны аҽырыҩра мҩаԥган.
Аҽыбӷаҟазаратә федерациа аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа иажәақәа рыла, Арӡынба ихьӡала аҽырыҩра хәышықәса раахыс имҩаԥыргоит. Аҳамҭатә фонд 600 нызқь мааҭ ыҟоуп.
"Иахьа Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҟны аҽылампыли аҵәеигәыдҵеи рыла атурнири, иара убас 1200, 1600 и 2000 метра аҽырыҩреи мҩаԥысит", — ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Бениа.
Аҽылампыли аҵәеигәыдҵеи рҟны аиааира ргеит ҟәланырхәаа ркоманда.
Аԥсны ииз ашьацқьа злоу аҽқәа 1200 метра иҩуаз аҽқәа рыбжьара аиааира агеит Адам Шегушев иҽы;
Аԥсны ииз ашьацқьа злоу аҽқәа 1600 метра иҩуаз аҽқәа рыбжьара аиааира агеит Дмитри Қардиа иҽы;
Аԥсны ииз ашьацқьа злоу аҽқәа 2000 метра иҩуаз аҽқәа рыбжьара "ахьы" иаԥсахеит Ҭемыр Чхьабелиа иҽы;
Павел Арӡынба игәалашәараы 2000 метра иҩуаз аҽқәа рыбжьара аиааира агеит Ҭемыр Чхьабелиа иҽы.