АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Даниель Ортега Никарагуа Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа. Ҳара агәра ҳгоит Аԥсни Никарагуеи рыбжьара ҳажәларқәа реизҳазыӷьара иазку астратегиатә усеицура арҿиара алыршахап ҳәа", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса цәыббра 3 азы. Шықәсык ашьҭахь Аԥсни Никарагуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.