Аԥсны

Аҳәынҭфилармониаҿы акәашаратә проект Eytsikәashow ахәбатәи аконцерт мҩаԥысит

Апроект иалагӡаны ф-концертк мҩаԥгахоит. Аиааира зго 450 000 мааҭ ранашьахоит, аҩбатәи аҭыԥ зго — 200 нызқь мааҭ, ахԥатәи аҭыԥ — 100 нызқь мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы акәашаратә проект Eytsikәashow ахәбатәи аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит.
Аслан Багаԥшь игәыԥ ажәытәӡатәи аԥсуа кәашара нарыгӡар акәын, Денис Инаԥшьба игәыԥ —еимданы ажәытә аԥсуа кәашара. Зегьы еицырзеиԥшыз дҵаны иҟан ҳаамҭазтәи амузыка гәыԥла ацкәашара.
Иааидкыланы ф-концертк рымҩаԥгара азгәаҭоуп, анаҩстәи афиналтә концертхоит. Аиааира згаз еилкаахоит ироуз ахәшьарақәа рыла. Аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа аанызкылаз аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахоит.
Sputnik Аԥсны — амузыкатә проект Eytsikәashow аинформациатә дгылара анаҭоит.