Аԥсны

Чамагәуаԥҳа еиҭалҳәеит Владимир жәларбжьаратәи афестиваль "Золотое кольцо" шымҩаԥысыз

Sputnik
Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" алахәын Владимир ақалақь аҿы цәыббра 8 - 12 рзы имҩаԥысуаз афестиваль "Золотое кольцо". Иара иалахәын Урыстәыла арегионқәа, Китаи, Индиа, Иран, Сербиа, Аԥсны рҟынтәи афольклортә, арҿиаратә коллективқәа.
Ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа арадио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит афестиваль шымҩаԥысыз, аԥснытәи аҭыԥҳацәа рколлектив шрыдыркылаз, еиҳа иалыркааз.
Аицәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.