Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Ешыра аӡхагалагатә станциа аиҭашьақәыргылара иалагеит

Шәҭаацәарак ӡыла еиқәзыршәо аӡхагалагатә станциа ԥшьыџьара иԥжәеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Ешыра аӡхагалагатә станциа аиҭашьақәыргылара иалагеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Иара Аишьцәа Папбақәеи Кьахьбеи рымҩадуқәа рҿы инхо, шәҩык рҟынӡа аҭаацәарақәа ӡыла еиқәнаршәоит. Ҭаацәарак аҟны аӡы акы ахьыр зегь рыҟны аӡы ааныркылон.
Анардадкыларатә усбарҭа ахаҭарнак Иракли Кәыҵниа иажәақәа рыла, уаанӡа амҩаду аҿыҵәҟьа иҟаз аӡхагалагақәа, аӡымҩангагатә цәаҳәақәеи дареи ахыбра ҿыцахь ииаргеит. Иажәхьоу ахәҭақәа зегьы ԥсахуп, хара имгакәа ахыркәшаратә усурақәа ирылагоит. Урҭ мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Арҽеиратә усурақәа рзы аеспубликатә биуџьет аҟынтәи 900 нызқь мааҭ азоужьуп.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Аҩада Ешыра амҩаду ахәҭак еиҭашьақәыргылоуп