АҞӘА, цәыббра 17– Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Украина аԥшыхәратә агент Свердловтәи аобласт аҟны дҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ихылаԥшцәа рнапынҵала, 40-шықәса зхыҵуаз урыстәылауаҩ, Урыстәыла ззин ыҟам украинатәи амилаҭтә террористтә еиҿкаара алахәыла атәылахьчаратә наплакы анапхгаратә усзуҩ имашьына аԥжәаразы ихала артҟәацгатә шьақәгыла азирхиеит.
"Анапылаҟаҵаратә ртҟәацгатә шьақәгыла аҵәахырҭаҿ ашьҭаҵараан урыстәылауаҩ иаанкылара аҽазышәараан абџьар шьҭыхны аҿагылара ҟаиҵеит. Уи аҭакс иара дҭадырхеит", - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.
Аҭыԥ аҿы Макаров итапанчеи, аџьаԥҳани, зыртҟәацратә мҽхакы ҭбааз, арадио ахархәарала аус здыруа артҟәацгатә шьақәгылеи, ахылаԥшцәа иҽызларымаидоз аимадаратә хархәагақәеи ԥшаан.
Атеррорист дахьынхоз аҭыԥи игаражи рҟны артҟәацгатә хәҭақәеи ашьақәгыла аибыҭараз абжьгареи ԥшаан.
Уажәазы АШәМ аусзуҩцәа ари аус аҿы ацхыраара зуаз ауаа рышьақәыргылара иаҿуп.