Аԥсны

Амилаҭ ргәабзиара атемала Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак астол гьежь мҩаԥнагеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак еиҿнакааз астол гьежь "Амилаҭ ргәабзиара ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шьаҭас иамоуп" мҩаԥысит аҳәынҭқарра ахада и-Инфоцентр аҿы.
Алахәылацәа ажәахәқәа ҟарҵеит агәабзиарахьчараҿы уадаҩрақәас иҟоу, аиҳаракгьы агәы-шьадатә чымазарақәа, акьыбачымазара уҳәа ирызкны, иалацәажәеит алаборатортә диагностика, Аԥсны амедицинатә техмаругақәа рхархәара.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны амедицинатә усх аҿиараҟны аԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.