Аԥсны

19 шықәса раԥхьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik. Цәыббра 19 2005 шықәса рзы "Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра" анапы аҵаҩын.
"Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа раԥхьа иргыланы ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз, ауадаҩрақәа зхызгаз, Қырҭтәыла излагаз аибашьра иалҵыз аиашьаратә жәларқәа реизыҟазаашьоуп", — ҳәа аҳәоит Аԥсны АдәАР аҳәамҭаҟны.
Аҳәамҭаҟны иазгәарҭеит Аиқәшаҳаҭра ҳаҩтәылак рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицуразы алшара ҿыцқәа шаанарԥшыз.