Аԥсны

2024 шықәса 8 мзы рыҩнуҵҟа Аԥсны шаҟаҩы ииз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара еилкаахеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik. 2024 шықәса 8 мзы рыҩнуҵҟа Аԥсны иит 580-ҩык ахәыҷқәа, абри атәы арадио Sputnik аҟны илҳәеит Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд ахада Валентина Жьиԥҳа.
Жьиԥҳа лажәақәа рыла, ари ахыԥхьаӡара аҳәса реиҳараҩык Урыстәыла ахшараиура ахьалырхуа иадҳәалоуп.
Арадио Sputnik аефир аҿы лара илҳәеит ахшараиура ацхрааразы апрограмма ахышәаҵышәа еиҵатәны акьыбачымазара змоу рзы ахәшәқәа раахәара иаздырхарц ӡбоуп ҳәа.
2024 шықәсазы Аԥсны арбџьармчқәа рахь инарыԥхьо аҿар разыҟаҵараз амедицинатә еиқәыршәара апрограмма шьақәырӷәӷәоуп. Арбџьармчқәа згәы бзиоу, изҩыдоу аррамаҵзурауаа рыла реиқәыршәара аиҿкаара иазоужьуп 450 000 мааҭ. Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит 14-16 шықәса зхыҵуа арԥарацәа рзы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, уи атәылауаа раԥхьатәи рарратә ҭаҩреи аррахь рнаԥхьареи раан ргәабзиара аҭагылазаашьа аҭҵааразы ихәарҭоуп.
11,5 миллион мааҭ азоунажьит Аминистрцәа реилазаара зцәа зтәым аҳәсеи аҳәынҭқарратә медицинатә усҳәарҭақәа рҿы ахшара зауз аҳәсеи хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәаразы. Аԥаразоужьра мҩаԥысуеит Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд аԥарақәа рыла.