АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik. Аурыс ҳәынҭқарра имч ҳҳы иархәаны, игәыбылра ҳхы иархәаны иҵегь ҳаӷәӷәахароуп, абри атәы иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа цәгьахеит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ахҳәаа рыҭо.
"Ҳамҩа ҳақәсны ҳцароуп, ахықәкы иҳамоу – ҳҳәынҭқарра арӷәӷәароуп. Аҳәынҭқарра аҩны иаҩызоуп, аҩны змам ауаҩы иразҟы бааԥсуп, ахгарҭеи аҭаацәеи имаӡам. Ҳаҩны ӷәӷәазароуп, иахьатәи ҳҭагылазаашьа шыҟоу ала, уи азы амчи аҩыза бзиеи дҳамазароуп", — иҳәеит Бжьаниа.