Аԥсны

Делба: хышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалақәа ҩынтәны еиҳахеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. 2020-2023 шықәсқәа рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалақәа ҩынтәны еиҳахеит — 4,8 миллиард рҟынтәи 9,8 миллиард рҟынӡа иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аинфоцентр аинтервиу аҭо.
Делба иажәақәа рыла, ари аамҭазы ҩынтәны иеизҳаит ашәахтәтәии аҳазалхратәии лагалақәа:
ашәахтә лагалақәа 2020 шықәсазы 2,5 миллиард мааҭ иҟан, 2023 шықәсазы— 5,2 миллиард мааҭ,
аҳазалхартә лагалақәа 2020 шықәсазы 1,8 миллиард мааҭ иҟан, 2023 шықәсазы — 3,7 миллиард мааҭ.
делба иазгәеиҭеит 2020-2023 шықәсқәа рыҩнуҵҟа Аԥсны аџьахәтә фонд 500 миллион мааҭ рыла иеизҳаит ҳәа. Уи иабзоураны бжьаратәла аулафахәы 16 100 мааҭ аҟынтәи 29 700 мааҭ рҟынӡа ишьҭыҵит.
Уи адагьы ахашәалақәа реидкыла иалнаршеит Атәанчахәытә фонд адефицит аԥыхра. Имҩаԥган атәанчахәытә шәарақәак риндексациа.