Аԥсны

Урыстәылатәи аотоларингологцәа-аудиологцәа шәҩыла ачымазцәа гәарҭеит Аԥсны

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Урыстәылатәи аотоларингологцәа-аудиологцәа шәҩыла ачымазцәа гәарҭеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрреи дареи еицырзеиԥшу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҳақьым Павел Казаков Sputnik акорреспондент ишиеиҳәаз ала, иара хынтәуп Аԥсны даауеижьҭеи. Иахьа Гәдоуҭатәи еиҭаҵуа адиагностикатә центр аҿы ачымазцәа гәарҭеит, уи аԥхьа — Гагра.
"Арбагақәа инарықәыршәаны, злымҳа иагхаз ҿыц иаҳаратәы аҟаҵаразы иаҭаху ацифратә программа змоу амыругақәа рышьақәыргылара иаҿуп. Аппаратқәа анырзалырхлак рлымҳа ианаалартә, аныҟәгареи ахархәареи маншәалахарц азы аус адырулоит", — ҳәа азгәеиҭеит Казаков.
Жьҭаарамза акы инаркны хԥа рҟынӡа аҳақьымцәа Аҟәа Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аус рулоит.