Аԥсны

Аҵарауаа ҿарацәа I Аԥснытәи рфорум аҟынтәи аматериалқәа реизга ҭыҵит

Аҭыжьымҭа иагәылалеит ААР 25 шықәса ахыҵра иазкны, абҵарамза 2022 шықәсазы имҩаԥысыз афорум аҟны иҟаҵаз ажәахәқәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik. Аҵарауаа ҿарацәа I Аԥснытәи рфорум аҭҵаарадырратә конференциа аҟынтәи аматериалқәа реизга ҭыҵит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит.
ААР 25 шықәса ахыҵра иазкыз афорум мҩаԥысит абҵарамза 2022 шықәсазы, аҵарауаа ҿарацәа рҭҵаарадырратә усура аҿиара ацхраареи аҭҵаарадыррақәа разхьаԥшреи хықәкыс иҟаҵаны.
Афорум аҟны агуманитартә, асоциалтә, афизико-математикатә, абиомедицинатә хырхарҭала иззаҭгылаз ажәахәқәа анылеит иҭыҵыз аизга.
Аҭыжьымҭа ӡыргахоит 2024 шықәса жьҭаарамза анҵәамҭазы имҩаԥысран иҟоу Аҵарауаа ҿарацәа II Аԥснытәи рфорум аҟны. Аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантура аҟәша аспециалист Адгәыр Цымцба иажәақәа рыла, афорум алахәхаразы 50 инареиҳаны азыҳәа уәа аларҵахьеит.
Иазгәаҭоуп, аԥхьаҟагьы ас еиԥш иҟоу аконференциақәа лассы-ласс рымҩаԥгара.
Аԥсны
Амилаҭ ргәабзиара атемала Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак астол гьежь мҩаԥнагеит