Аԥсны

Ԥхалаӡе ашәаҳәаратә шоу "Ну-ка, все вместе!" афиналбжахь днеит

Аицлабра иалахәу рхықәкы – шәҩык аӡбаҩцәа рҭыԥқәа рҟынтәи иҩагыланы ашәаҳәаҩ ашәа ицҳәара рҭаххартә аҟаҵара ауп. Абжьқәа шаҟа ирацәахо ашәаҳәаҩ абаллқәа иоуеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik. Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Леуан Ԥхалаӡе аканал "Россия" аҟны имҩаԥысуа ашәаҳәаратә шоу "Ну-ка, все вместе!" афиналбжахь днеит.
Ԥхалаӡе раԥхьатәи инаигӡаз ашәа "Луна" 98 балл аиуит. Иара ида, алалахәылацәа аӡәгьы еиҳаны абаллқәа рмоуӡеит.
Аицлабра иалахәу рхықәкы – шәҩык аӡбаҩцәа рҭыԥқәа рҟынтәи иҩагыланы ашәаҳәаҩ ашәа ицҳәара рҭаххартә аҟаҵара ауп. Абжьқәа шаҟа ирацәахо ашәаҳәаҩ абаллқәа иоуеит.
Леуан Ԥхалаӡе — Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут аестрада-џьазтә ҟазара акафедра дастудентуп.