Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аруаа Мраҭашәарантәи атехника аазгоз аӷба ҭадырхеит

Уахыки-ҽнаки рыла Украинатәи аруаа 2150-ҩык ҭархоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik. Урыстәылатәи аруаа мраҭашәаратәи атехникеи аџьаԥҳани зҭаз аидаратә ӷба ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылатәи аоперативтә-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи аракета-артиллериатә бџьаршьҭаҵарҭақәа ҩба ԥыржәеит. Иҭадырхеит Мраҭашәара атәылақәа киевтәи арежим иарҭаз аракетақәеи аџьаԥҳани аазгоз аӷба, иара убас 153 раион рыҟны ааха рыҭоуп аӷа ири аибашьыгатә техникеи", - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Уи адагьы, Урыстәыла Арбџьармчқәа ааха рырҭеит Украинатәи арра-ааглыхратә наплакқәа русура иацхраауа аенергетикатә еиқәыршәарақәеи адронқәа ахьҭрыжьуа ацехқәеи.
Аҳауа хьчаратә системақәа рыла иҭархоуп ахара ицо "Нептун" ҳәа изышьҭоу аракетақәа фба, Hammer ҳәа изышьҭоу х-бомбак, HIMARS ахгәыцәқәа 10, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 177.
Иааидкыланы, иҷыдоу арратә операциа ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 646, аверталиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 31983, азениттә ракетатә системақәа 579, атанкқәеи егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи 18 318, аракетатә аицҭырҟьаратә системақәа 1457, артиллериатә рҭҟәацгақәеи аминаршәгақәеи 14 963, иҷыдоу арратә автотехника 26 328.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи архәҭақәа ДЖәР Свиридоновка ақыҭа ахы иақәиҭыртәит