Аԥсны

Аҟәеи Аԥсны мраҭашәаратәи араионқәеи рҿы афымцамч еиҭашьақәыргылоуп

"Ԥсоу" авольтҳаракы аҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны ашьыжь, цәыббра 22 рзы ареспублика ахәҭак фымцалашарада иаанхеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Афымцацәаҳәа "Ԥсоу" иаиуз аиԥҟьара шьақәыргылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.
Афымцацәаҳәа еиԥҟьеит аамҭакьаҿкала иаиуз ахьанҭара иахҟьаны.
Аҟәа, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рыҟны афымцалашара шьақәыргылоуп.
"Ԥсоу" авольтҳаракы аҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны ашьыжь, цәыббра 22 рзы ареспублика ахәҭак фымцалашарада иаанхеит.