Аԥсны

"Аџьма зцәыӡыз амшгьы ицәыӡит": аџьмақәа ирыхҳәаау еиуеиԥшым азгәаҭарақәа

Аџьмақәа рцәырҵра иахҳәаау амифи еиуеиԥшым азгәаҭарақәеи ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Sputnik
Аԥсаса ануҳәа, иаразнак ухахьы иааиуеит ажәа аҵакы зызку ауасақәеи аџьмақәеи. Ауаа урҭ рнапахьы иааргеижьҭеи, ирааӡоижьҭеи иацакәым-иахьакәым. Ҳтәыла аԥсабара беиа, ашәаԥыџьаԥ, иаҵәарала иҭалаҳау ашьхақәа, абнақәа, аҿаҩақәа аԥсаса ранҵареи рааӡареи иацхраауан.
Аԥсаса рахьтә еиҳа ианырҵоит – аџьмақәа, дара рыхш-рышә акыр ихырҳагоуп. Абӡарақәа ракәзар, ркәац хаауп – ижәны, аџьыка ма асыӡбал иадкыланы абысҭаҿы ирфоит.

Аџьмақәа рцәырҵра

Аџьмақәа аилҟьара рҟазшьа иалоуп, инкаԥа-аакаԥо "цәиккрак" аҟаҵара иазгәышьуеит. Аџьмақәа ԥсабарала ирылоу аҵарра ахьынтәаауа ҳарҳәоит аԥсуа мифқәа ҳаргәылаԥшыр.
Иҟоуп агәаанагара арахәқәа зегьы рахьтә аџьма аҩсҭаа итәуп, иара иоуп адунеи ианызҵаз ҳәа. Аха аԥсуа илшоит маанала аҩсҭаа аџьмақәа ицәганы урҭ ранҵара. Ԥсыуак чнырс аҩсҭаа дизнеит. Хәышықәса иџьма гәарихуан. Ашьҭахь адәаҿы еилацалан, иршарц рыӡбеит. Аха аџьма еилагьежьуан, рыԥхьаӡара маншәаламхеит. "Уааи, ацҳа иқәцалан иаҳшап!" – иҳәеит аԥсуа. Аҩсҭаагьы мап имкӡеит. Ацҳа иқәланы ишааиуаз аԥсуа раԥхьа днагылан, иааникылеит. Аӡаҿы рыгагақәа раҟара рыцланы иунарбоит. "Ацҳа иқәу ракәу, ҵаҟа аӡаҿы иҭоу ракәу иуҭаху?" – дҵааит аԥсуа. Аҩсҭаа аӡы данҭаԥшы, уа зсахьа ибаз аџьмақәа еиҳа игәы иақәшәан, урҭ алихуеит. Аԥсуагьы ацҳа иқәгылаз иџьмақәа иманы дцоит, аҩсҭаа ус даанхоит.
Аԥсны
"Агәабзиара иазеиӷьу": аџьмахши уи иалоу ахәарҭареи
Абас аџьмақәа аԥсуа инапахьы иааигеит, амала аҩсҭаа аԥхьанатә ирылеиҵаз ацәгьа рцәа иахьа уажәраанӡа иалымҵыц. Ауаҩы ихәо еиԥш иԥырхагоу маҷымкәа иҟарҵоит.

Аџьмақәа ажәаԥҟақәа рҿы

Аԥсуа жәлар иаԥырҵеит ихшыҩырҵагоу ажәаԥҟақәа жәпакы, ҳарзааҭгылап дара:
Аџьма зцәыӡыз амшгьы ицәыӡит.
Ацәыӡ зауз ауаҩы игәы инархьуеит, иара уи ацәыӡ дшашьҭоу аамҭа цоит, имш ицәыӡуеит.
Аџьма гыды аӡы ианҭаԥшы, "макьана сҿазаап" аҳәеит еиԥш.
Ауаҩы ихахәы камԥсазаргьы, иԥаҵа мышларгьы, ақәра имазар, дшажәыз идыруазар ауп. Уқәра инақәыршәангьы ухы мҩаԥугароуп. Зықәра зфахьоу, аха зхы ззымдыруа ауаа ирзынархоу ажәаԥҟоуп. Азгәаҭа (аԥсуаа ртрадициатә рахәааӡара атерминологиаҿы ажәа "агды" иаанагоит - "итәыҩадоу", "атәыҩа змам", "зтәыҩа маауа").
Аџьма ҭины ажьа аазхәаз ҳәа.
Еиӷьу, еиҳа зыхә дуу ҭины, уиаҟара акгьы зҵазымкуа зыхәҳауа абас изырҳәоит.
Аџьма инҵәаша тәыҩала еисуеит.
Еизааигәоу, еижәлантәу, раԥхьаҟа шәарҭарак, гәаҟрак ианазԥшу убри аҵыхәала аимак-аиҿак, аҟыҟ-ҿыҟ анрызцәырҵ абас рҳәоит.
Аџьма имԥсыша амаҵә азылаҟәуеит.
Агәаҟра, ашәарҭара иҭагылаз ауаҩы иаалырҟьаны иԥсы еиқәзырхаша, ихәаша акы анизыҟало, абас изырҳәоит.
Аӡыс аџьма ахьҳәыша анарҵон.
Уаҵкыс здыруа, уаҵкыс аԥышәа змоу ахшыҩ исырҵоит ҳәа уалагар, абас узырҳәоит.
Џьмацәак ҩ-ҳаҭак узалхуам.
Ауаҩы иумоу еиҳа исыҭ ҳәа аниарҳәо, ма иулшо аҵкыс ҟаҵа ҳәа анидырҵо, абас рҳәоит.
Аԥсны
"Быжь-хьшьцәа еилоуп, быжь-гәара рыкәыршоуп": аарыхратә, анхамҩатә ҭәҳәақәеи ажәаԥҟақәеи
Атәыҩақәа ирышьҭаланы ицаз аџьма гыды лымҳада ихынҳәит; Аџьма арақы анадыржә, ақәыџьма сымшьыр ҟалом ҳәа иашьҭалеит; Аџьмеи ақәыџьмеи ашьыжьымҭан еиҩызцәахеит - ахәылбыҽха аџьма аҩныҟа игәарымлаӡеит – ахамакәачра ауаҩы абзиарахь дышкылнамго, дҭанархаргьы шалшо ҳаилдыркаауеит иаагоу ажәаԥҟақәа.
Зыџьмақәа рзы ахан еилаҳаз ҳәа.
Иухәҭам, иузаԥсам, иуқәнамго аус (амаҭәар) уеилаҳар, исмоур ҟалом ҳәа уашьҭазар, абас рҳәоит.

Аԥхыӡқәа рдунеи ахьтә

Аџьма ааухәозшәа ԥхыӡ иубар, уск уқәманшәалахоит.
Аџьмақәа рацәаны еицны ԥхыӡла иубар – ахықәкы ахьымӡара иазҳәоуп.
Аџьмақәа уԥхьаӡошәа ԥхыӡ иубар - аԥхасҭа иазҳәоуп.
Ԥхыӡла аџьма шкәакәа ухьозар, угәҭакык наӡоит.
∕Астатиа аиқәыршәараҿы ахархәара азун афольклорист Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали"∕.