Аԥсны

Ҭарба еиҭеиҳәеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара шцоз

Sputnik
Аҟәа ахақәиҭтәраз аҵыхәтәантәи ажәылара атәы арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит Леон иорден занашьоу Валери Ҭарба. Иара еиҭеиҳәеит Ешыра-Афонтәи абаталион аибашьцәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа арбаныз, уи шынарыгӡоз, аҳҭнықалақь ишалалоз.
Инарҭбаау аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы абри азхьарԥш ала.