Аԥсны

Гагра амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны фҩык аахақәа роуит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik, Бадри Есиава. Гагра атуннельқәа руак аҟны иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны хҩык зықәра наӡоу ауааи хҩык ахәыҷқәеи ааха роуит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрра апресс-маҵзураҟны.
Аусбарҭаҟны ишазгәарҭаз ала асабша, цәыббра 21 рзы аҳәаанырцәтәи амашьынақәа ҩба еиҿасит. Аҷаԥшьаратә ҟәшахьы адырра ҟалеит асааҭ 12:40 рзы.
Аиқәырхаҩцәа ааха зауз ацхыраара рырҭеит, урҭ аҭыԥантәи Араионтә хәышәтәырҭахь инаргеит.