Аԥсны

Акарате азы аицлабра "Агәалашәаратә храҿа" аҟны актәи ҭыԥ ргеит аҟәатәи аспортсменцәа

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рфырхаҵа Витали Вольф ихьӡ зху акарате азы аицлабра "Агәалашәаратә храҿа" аҟны актәи азеиԥшкомандаҟаҵаратә ҭыԥ ныркылеит аҟәатәи аспортсменцәа.
Аԥсны Аҳәынҭспортеилакы ишаанацҳауа ала аҟәаа ахьтәы медалқәа жәаба ранашьахеит
Аҩбатәи аҭыԥ ныркылеит Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭантәи аспортсменцәа — ахьтәы медалқәа ааба роуит.
Аџьаз медалқәа ирыԥсахеит Уфатәи аспортсменцәа.