Аԥсны

Бжьаниа: Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ртемала аилахәаахәҭрақәа рымҩаԥгара ҟалом

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ртемала аилахәаахәҭрақәа рымҩаԥгара ҟалом ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усзуҩцәа ркоординациатә еилатәараҿы.
Иара иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Қырҭтәылеи еицырзеиԥшу аҭагылазаашьақәа раарԥшра зҭаху еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа шыҟоу. Атәыла ахада уи уақәшаҳаҭхар шалымшо инаҵшьны иазгәеиҭеит.
"Сара изныкымкәа исҳәахьеит — Урыстәыла иҳанаҭо алшарақәа ҳрықәгәыӷлароуп, ҳҳәынҭқарра арӷәӷәаразы, ҳекономикатә суверенитет арӷәӷәаразы. Уи ауп зегьы шьаҭанкыла изхылҿиаауа. Урыстәыла — аиашьара, аҩызара ҳзызуа ҳәынҭқарроуп. Аха уи алалара аӡбахә аӡәгьы иҳәаӡом. Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, ҳхахьы иаҳгаз ахыдҵақәа зегьы наҳагӡароуп", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы амчратәи азинхьчаратәи маҵзурақәа рнапхгаҩцәа ажәахәқәа ҟарҵеит. Уи алҵшәақәа еихшьаало, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа русура аиӷьхара иаҿуп ҳәа