https://sputnik-abkhazia.info/20240923/bzhania-urystylei-arei-aizyazaashaa-rtemala-ailakhaakhraa-rymagara-alom-1052356637.html
Бжьаниа: Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ртемала аилахәаахәҭрақәа рымҩаԥгара ҟалом
Бжьаниа: Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ртемала аилахәаахәҭрақәа рымҩаԥгара ҟалом
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ртемала аилахәаахәҭрақәа рымҩаԥгара ҟалом ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усзуҩцәа... 23.09.2024, Sputnik Аҧсны
2024-09-23T20:20+0300
2024-09-23T20:20+0300
2024-09-23T23:50+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/17/1052355438_0:0:1600:901_1920x0_80_0_0_069c49386b37122b80f3ef03560c46fe.jpg
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ртемала аилахәаахәҭрақәа рымҩаԥгара ҟалом ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усзуҩцәа ркоординациатә еилатәараҿы. Иара иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Қырҭтәылеи еицырзеиԥшу аҭагылазаашьақәа раарԥшра зҭаху еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа шыҟоу. Атәыла ахада уи уақәшаҳаҭхар шалымшо инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы амчратәи азинхьчаратәи маҵзурақәа рнапхгаҩцәа ажәахәқәа ҟарҵеит. Уи алҵшәақәа еихшьаало, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа русура аиӷьхара иаҿуп ҳәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/17/1052355438_53:0:1474:1066_1920x0_80_0_0_1fe1909df3f0174e3038e87cf60d6513.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Бжьаниа: Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ртемала аилахәаахәҭрақәа рымҩаԥгара ҟалом
20:20 23.09.2024 (ирҿыцуп: 23:50 23.09.2024) АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ртемала аилахәаахәҭрақәа рымҩаԥгара ҟалом ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усзуҩцәа ркоординациатә еилатәараҿы.
Иара иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Қырҭтәылеи еицырзеиԥшу аҭагылазаашьақәа раарԥшра зҭаху еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа шыҟоу. Атәыла ахада уи уақәшаҳаҭхар шалымшо инаҵшьны иазгәеиҭеит.
"Сара изныкымкәа исҳәахьеит — Урыстәыла иҳанаҭо алшарақәа ҳрықәгәыӷлароуп, ҳҳәынҭқарра арӷәӷәаразы, ҳекономикатә суверенитет арӷәӷәаразы. Уи ауп зегьы шьаҭанкыла изхылҿиаауа. Урыстәыла — аиашьара, аҩызара ҳзызуа ҳәынҭқарроуп. Аха уи алалара аӡбахә аӡәгьы иҳәаӡом. Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, ҳхахьы иаҳгаз ахыдҵақәа зегьы наҳагӡароуп", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы амчратәи азинхьчаратәи маҵзурақәа рнапхгаҩцәа ажәахәқәа ҟарҵеит. Уи алҵшәақәа еихшьаало, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа русура аиӷьхара иаҿуп ҳәа