Аԥсны

Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа анымҩаԥгахо арыцхә азалхуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҟны жьҭаарамза 13 рзы аҽаҩраныҳәа мҩаԥгахоит.
"Ари амш аҽазыҟаҵара ҳалагахьеит. Ажәлар рныҳәа иалахәхоит Гәдоуҭа ақыҭақәеи Афон ҿыц ақалақьи, иара убас Ҟарачы-Черқьестәылатәи аделегациа, дара ҵыԥхгьы иалахәын", — абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа.
Кәарцхьиа иажәақәа рыла, аныҳәа иалахәхоит Гәдоуҭа аиашьа-қалақь Иарославтәи аобласт анапхгара.
Аныҳәа аиҿкааразы араион абиуџьет аҟынтәи ақыҭа-лахәылацәа 50-50- нызқьмааҭ рзоужьуп.
Раԥхьаӡа акәны аҽаҩраныҳәа Лыхнашҭа имҩаԥган 1984 шықәсазы.