Аԥсны

Sputnik амчыбжь: атәыла ахада иҿцәажәара, Қырҭтәыла "азхаҵара", ақәылара аҭҵаара

Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит ареспубликаҟны цәыббра 16-22 рзы аҭыԥ змаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
Sputnik
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа "Аԥсуа телехәаԥшра" аинтервиу аҟны иарбан зҵаарақәоу зҭак ҟаиҵаз, иарбану иара атәылаз ишәарҭараны иибо, иарбан усқәоу Аинфоцентр аҿаԥхьа иқәгылоу, Биӡина Иванишвили ицәажәара Аԥсны АдәАР аҭак шыҟанаҵаз Sputnik аматериал аҿы.

Бжьаниа иҿцәажәара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ииасыз амчыбжь азы "Аԥсуа телехәаԥшра" инарҭбаау аинтервиу аиҭеит. Атәыла хада дырзааҭгылеит ауаажәларра ргәы змырҭынчуа азҵаарақәа.
Урыстәыла аганахь ала абиуџьет аусзуҩцәа рԥаразоужьра ахәҭак аанкылара далацәажәо Бжьаниа иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьаҿы акризис шыҟам.
"Иҟоуп аганқәа рхыдҵақәа, ҳаиқәышаҳаҭрақәа шьаҭас измоу. Урҭ нагӡалатәуп. Аиҳаракгьы дара ҳтәылауаа ринтересқәа рзы аус аныруа", - ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Бжьаниа иҳәеит адгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра апунктқәа зегь рынагӡара аамҭа шааиз. 2014 шықәсазы анапы зҵаҩыз адокумент Аԥсни Урыстәылеи ринтересқәа ирықәшәоит, ареспубликазы иара шәарҭара аҵам ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Аҳәынҭқарра ахада иреиҳау амаҵзурауаҩ иаҳасаб ала, игәҭакуп Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа зегьы рынагӡара, избанзар урҭ Аԥсны атәылауаа ринтересқәа ирықәшәоит.
Ареспублика ахада иара убасгьы дазааҭгылеит атәыла аҩнуҵҟа аҳәаанырцәынтә анырра шыҟоу, инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аус шыруа, Украина иахьатәи аҭагылазаашьахь иназгаз иреиԥшқәоу аҳәаанырцәтәи амаҵзурақәа.

Аахыҵ Уаԥстәыла ареспублика амш

Цәыббра 20 рзы иазгәарҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла ареспублика амш.
Аслан Бжьаниа иколлега Алан Гаглоев идиныҳәалеит.
"Ҳреспубликақәа еиднакылоит еицаҳзеиԥшу аҭоурыхи алахьынҵеи — ҳара аамҭа уадаҩқәа еицаҳхаагеит. Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылоу аизыҟазаашьақәа — аидгылареи агәреибагареи ҵаҵӷәны измоу. Агәра ганы сыҟоуп, урҭ ԥхьаҟагьы еиҳа-еиҳа ишеизҳазыӷьо, ишыӷәӷәахо", — аҳәоит адныҳәалара.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар егьа уадаҩра рхыргазаргьы изныз ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рымҩа иацәхьамҵеит ҳәа.

Мҽхакыҭбаалатәи усура

Аԥсны ахада Иинфоцентр мҽхакыҭбаала аусура ишалагаз атәы иҳәеит. Аԥсны ахада Иинфоцентр амедиаҵакыра ахылаԥшра анаҭалоит атәылауаа рыпроблемақәа рыҭҵаара, уи азы атәыла ахада адырра иҭареи иаарласны урҭ рызхьаԥшреи рзы иҳәеит Аслан Бжьаниа.
"Азҵаарақәа змоу Аԥсны иқәынхо атәылауаа дарбанзаалакгьы Ахада иинфоцентр ҳхы иархәаны аҭакқәа изыҟаҳҵалоит скаллегацәеи сареи, ҳаимадара ааигәахарц азы, еиҭаҳҳәалоит ҳгәҭакқәеи ҳаӡбрақәеи ҵаҵӷәыс ираҳҭо" - иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аинфоцентр аҿы дықәгыло.
Аинформациатә центр аусура иалнаршоит атәылаҿы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҵшәааразы адеструктивтә мчқәа рхы иадырхәо ииашам азнеишьақәа рырмаҷра ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Қырҭтәыла аҭамзаара шьҭаҵанарыма?

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Қырҭтәыла анапхгаратә партиа "Грузинская мечта" ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рҟны аиааира аныргалак, апартиа 2008 шықәсазтәи аибашьразы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵаразы агәаӷьра шаадырԥшуа азы иҳәамҭа.
"Ҳақәгәыӷлап Иванишвили игәҭакқәа гызмалрада, игәы разны дрылацәажәоит, ииашоу ажәақәагьы Аԥсны ажәлар рганахьала иԥшаауеит, Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы аҭакԥхықәра адызҵаша адокумент анапаҵаҩра аус аҟны иажәеи иуси еивыгахарым ҳәа", — аҳәоит Аԥсны АдәАР аҳәамҭа.
Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, асеиԥш аҳәамҭа, аинышәарахь ареалтә шьаҿақәа ҟаҵазар, ииасыз аамҭа агхақәа ахәшьара ҿыц рыҭазар, аполитикатәии аекономикатәии қәыӷәӷәаратә методқәа мап рыцәкызар, ҭынчымҩала аицынхареи агәылеимабзиареи рахь апроцесс аҟны раԥхьатәи ашьаҿақәа иреиуахар ауеит.

Цхинвал имҩаԥысыз аконференциа

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба далахәын Цхинвал имҩаԥысуаз аконференциа "Агәабзиарахьчара аҿиара апрактикатә аспектқәа".
Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи лҵшәа бзиала агәабзиарахьчара аусхк аҟны аус еицыруеит ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аконференциа аартраҿ дықәгыло.
Иара иазгәеиҭеит, Урыстәыла есышықәса ацхыраара шыҟанаҵо акурорттә сезон аан Аԥсны амедусбарҭақәа акадрқәа рыла аиқәыршәара аус аҿы, аԥснытәи амедикцәа Урыстәыла рзанааҭ еиздырҳауеит, аиҭазыҟаҵарақәа ирхысуеит.
Иара убас Быҭәба аҵак ду шамоу иҳәеит Урыстәыла амедусбарҭақәа рҟны планла еиԥш, иаалырҟьаны ҳтәылауаа ацара анрықәшәо иахьрыдыркыло, хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса ахырхарҭалагьы убрахь иналаҵаны.

Амилаҭ ргәабзиара

Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак еиҿнакааз астол гьежь "Амилаҭ ргәабзиара ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шьаҭас иамоуп" мҩаԥысит аҳәынҭқарра ахада и-Инфоцентр аҿы.
Алахәылацәа ажәахәқәа ҟарҵеит агәабзиарахьчараҿы уадаҩрақәас иҟоу, аиҳаракгьы агәы-шьадатә чымазарақәа, акьыбачымазара уҳәа ирызкны, иалацәажәеит алаборатортә диагностика, Аԥсны амедицинатә техмаругақәа рхархәара.
Аиԥылараан агәаанагарақәа еимырдеит, иазгәарҭеит Аԥсны амедицина аусхк аҿиара аԥеиԥшқәа.

"Россия-1" аҟны афиналбжахь

Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Леуан Ԥхалаӡе аканал "Россия" аҟны имҩаԥысуа ашәаҳәаратә шоу "Ну-ка, все вместе!" афиналбжахь днеит.
Ԥхалаӡе раԥхьатәи инаигӡаз ашәа "Луна" 98 балл аиуит. Иара ида, алахәылацәа аӡәгьы еиҳаны абаллқәа рмоуӡеит.
Леуан Ԥхалаӡе — Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут аестрада-џьазтә ҟазара акафедра дастудентуп.

Ақәлара аҭҵаара

Цәыббра 15 ауаха еилкаам џьоукы Аԥсны ҩыџьа атәылауаа Девид Гобечиеи Лиа Агрԥҳаи ирықәлеит. Аҟәа араион ААР аусҭҵаара иаҿуп.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут анапынҵа ҟаиҵеит ареспублика атәылауаа ҩыџьа рықәлара афакт иаарласӡаны иҭырҵаарц. Аминистр имҩаԥигаз аилацәажәараҿы ашьаусԥшаара ацашьа изеиҭеиҳәеит Аҟәа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Русҭам Бжьаниа.
"Ҳара ари аус ишақәнагоу иҭаҳҵаароуп, ари аҵак ду амоуп. Обиективла ашьаусҭҵаара ҳазнеироуп, иаҭаху амчи алшеи адаҳҵароуп иҟалаз шыҟалаз аилкааразы", — иҳәеит Кьиут.
Уаанӡа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ Анас Қьышьмариаԥҳа азинхьчаратә усбарҭақәа рахь азыҳәа налышьҭит Девид Габечиеи Лиа Агрԥҳаи иахьрықәлаз инамаданы.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ақәыӡбеит уи алахәыла Девид Габечиеи ахеидкыла "ҲараҲПицунда" алахәыла Лиа Агрԥҳаи рықәлара афакт.

Иԥшаау аԥсыбаҩи амҩатә машәыри

Москватәи аобласт Реутов ақалақь аҿы инхоз Игор Халтурин иԥсыбаҩ рбеит Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа амшын аԥшаҳәаҿы.
Аԥсны АҶА ишаанацҳауа ала, аԥсы дырбеит абнараҿы анеира ахьыуадаҩыз аҭыԥ аҿы, аԥсыбаҩ араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ирырҭеит. Ашьаусԥшаара мҩаԥысуеит.
Гагра ақалақь аҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык зықәра наӡоу ауааи хҩык ахәыҷқәеи ааха роуит ҳәа рҳәеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрра апресс-маҵзураҟны.
Аԥсны
Гагра амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны фҩык аахақәа роуит
Асабша, цәыббра 21 рзы аҳәаанырцәтәи амашьынақәа ҩба еиҿасит. Аҷаԥшьаратә ҟәшахьы адырра ҟалеит асааҭ 12:40 рзы.
Аиқәырхаҩцәа ааха зауз ацхыраара рырҭеит, анаҩс аҭыԥантәи Араионтә хәышәтәырҭахь инаргеит.