Аԥсны

Жәларбжьаратәи аҿар-патриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" аатит Тамшь ақыҭан

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Аслан Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Тамшь ақыҭан имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҿар-патриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" аартра иаҭааит.
"Ҳаҭыр зқәу ахәыҷқәа, сара сзы гәахәара дууп ас еиԥш иҟоу ауснагӡатә сқыҭа гәакьаҿы иахьымҩаԥысуа. Аԥсуа хәыҷқәеи Курскнтәи иааз ахәыҷқәеи шәареи шәеибадырра аҵак ду амоуп", — иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Алагер аиҿкааразы алахәылацәа Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит.
Михаил Шургалин аҿар алагер аартра рыдиныҳәалеит, уи иалахәу — аҭынчра рзеиӷьеишьеит.
Ахәыҷқәа рзы алекциақәеи, аспорттә уснагӡатәқәеи, аекскурсиақәеи мҩаԥгахоит иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы.
Аиԥылара иалахәу рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи хатәгәаԥхарала еибашьуази рмоҭацәеи рхәыҷқәеи, Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәеи. "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" хыркәшахоит жьҭаарамза 2 рзы.