Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа Аҟәа араион аҿы афымцамч цәаҳәақәа реиҭарҿыцра иазкны

Sputnik
"Амшынеиқәафымцамч" Аҟәа араион аҿы афымцамч цәаҳәақәа реиҭарҿыцразы аусурақәа мҩаԥнагоит. Жәашықәсала еиҭашьақәыргыламыз афымцацәаҳәақәа нап рыдкылара хымԥадатәиин ҳәа азгәарҭоит аспециалистцәа. Иахьазы имҩаԥгоу аусурақәеи, апланқәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, "Амшынеиқәафымцамч" Аҟәа араион афилиал аиҳабы Даур Ҷыҭанаа.
Ари ашықәс иалагӡаны имҩаԥган аусурақәа аобектқәа жәба рҿы, убри аан иҳараку ацәаҳәақәа еиҭарҿыцын аобектқәа фба рҿы, иҳәеит Ҷыҭанаа. Иара иазгәеиҭеит, аханатә аҭагылазаашьа зеиԥшраз ҭҵааны, "Амшынеиқәафымцамч" иамаз амаҭахә еилкааны, иазымхоз араион амчала иаахәаны аусурақәа нап шаддыркыз. Уажәы Ӡыгәҭа иҳаракуи илаҟәу ацәаҳәақәеи рыԥсахра иаҿуп.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.