Аԥсны

Бжьаниа: Урыстәыла — Аԥсназы зда ыҟам стратегиатә дгылаҩуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Урыстәыла — Аԥсназы зда ыҟам стратегиатә дгылаҩуп. Ареспублика аназхарҵа ашьҭахь Урыстәылеи Аԥсни азинтә еизыҟазаашьақәа рыбжьалеит, иалкаау аҿҳәарақәа змоу ахыдҵақәа цәырҵит.
Абри атәы азинхьчаҩцәа ркоординациатә еилацәажәараҟны иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Иара иажәақәа рыла, арҭ аиқәшаҳҭарақәа Аԥсны аекономика арӷәӷәареи ахы иақәгәыӷратә аҟалареи ирзырхоуп, ҳтәыла аинтересқәа ирықәшәоит, абизнес-процессқәа иҵоураны ирнырроуп.
"Арҭ ахыдҵақәа ҳекономика арҿиареи ҳҳәынҭқарра арӷәӷәареи рзы ихәарҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит ахада.