Аԥсны

Ҷыҭанаа иҳәеит Аҟәа араион аҿы афымцамч цәаҳәақәа реиҭарҿыцразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы

Sputnik
"Амшынеиқәафымцамч" 2020 шықәса раахыс Аҟәа араион аҿы афымцамч цәаҳәақәа реиҭарҿыцразы аусурақәа мҩаԥнагоит иҳәеит Аҟәатәи араионтә фымцеимадара аиҳабы Даур Ҷыҭанаа. Иара иажәақәа рыла, ари ашықәс иалагӡаны ф-обиект рҟны иҳараку ацәаҳәақәа ԥсахын.
Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит иахьазы аусурақәа шымҩаԥгоу Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩеи Гочуа имҩеи рҟны, Аҩада Ешыра Шаумиан имҩаҟны, Алада Ешыра Папба имҩаҟны, Ӡыгәҭа ақыҭа Аколнхара амҩаҟны.
Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны Аҩада Ешыра, Иашҭхәа ацәаҳәақәа ҳаԥсахуеит иҳәеит Ҷыҭанаа.
Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.