Аԥсны

Забацәа рӡыхь абжьы заҳаз: Ҳаири Қәҭарба ироман "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит…" аӡыргара

Цәыббрамза 23 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит аԥсуа шәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба ишәҟә ҿыц "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит…" аӡыргара. Аусмҩаԥгатә шымҩаԥысыз атәы дазааҭгылоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Sputnik
Уа раида-гәышьа, иркьыкь сыԥхьарца,
Блас уара усоугәышьеит, сыблақәа анца!..
Гәыӷырҭа змам, дад, иразҟы шәышәуп,
Аҵх лашьца далахеит, имҩа лашәуп…
Ан длымҵоуп лыҷкәын заҵә, даҿуп аԥсра,
Дыргәыӷуа даалгоит, жәымҭацәгьа лара…
Баграт Шьынқәба. "Ацынҵәарах".
Цәыббрамза 23 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит аԥсуа шәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба ишәҟә ҿыц "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит…" аӡыргара. Ари ароман ахәҭақәак уажәраанӡагьы ажурнал "Алашара" ианылахьан, аԥхьаҩцәа даара иазҿлымҳан иацу анбаҭыҵуеи ҳәа. Абар, иахьа алшара ҟалеит аҭоурыхтә роман зегьы еидкыланы х-хәҭакны аҭыжьра. Ари ҳдоуҳатә культура зегьы азы хҭыс дууп, избанзар, ашәҟәыҩҩы Ҭырқәтәыла диит, акыр шықәса раԥхьа иабдугьы иабгьы уа иит. Аԥсны Акаԥа ақыҭа аҟынтәи зҭаацәа зманы иқәҵыз иабду иаб иакәын. Ҳаири уҳәансҳәанла акәымкәа, амҳаџьырраҿ ҳажәлар ирхыргаз зегьы иҭаацәеи, иуацәеи, изааигәаӡази ауаа рҟынтә иаҳаит зегьы.
"Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит…" актәи ахәҭа анҭыҵ ашьҭахь хара имгакәа иҭыҵит аҩбатәи ахәҭа "Ахҵәарах ҭаала дыԥсуеит" захьӡу. Уи анҭыҵ ашьҭахь Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рнаҩсгьы егьырҭ ашьхаруажәлар зегьы азҿлымҳара ду азыруит, дара аҭырқәцәагьы маҷымкәа даара иазҿлымҳаны иаԥхьеит. Уи шаҳаҭра ауеит аҩымҭа ҩынтәны аиҭаҭыжьра ахьеиҿыркааз, насгьы атираж 40 нызқь инаӡеит. Ари аҩыза ахҭыс акраанагоит ажәлар рдоуҳатә культура азҿлымҳахаразы.
Абраҟа иазгәаҭатәуп, ароманқәа аԥсшәахь реиҭагараан, иахьынӡауаз ала мшын нырцә иҟоу ҳџьынџьуаа раԥсшәаҳәашьа еиқәырханы ишыҟаҵоу. Абар, уи аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ассоциациа иалоу Октаи Чкотуа ииҩуа:
"Ароманқәа рҿы хәҭа-хәҭала ҳауаажәлар мчыла рыԥсадгьыл ианахырца иахьнанагаз ҭырқәтәылатәи аԥшаҳәақәа рҿы ирԥылаз арыцҳарақәа инадыркны, иахьанӡа иаарыхҭыргаз зегьы аԥхьаҩ игәалашәараҿы иаанхаратәы ицәыргоуп. Сара ари ароманқәа ҭырқәшәала сышрыԥхьаз еиԥш, аԥсшәахь ишеиҭагатәыз азхәыцра салагеит, избанзар, ахырҵәара атрагедиа ду дара ихдырҵәаз ирхылҵшьҭроу аӡәы иблала иахьауажәраанӡа иаарыԥшӡамызт, уи амшала ароманқәа иаарласны аԥсшәахь еиҭагатәын. Ԥыҭҩык мап зысцәысымкуаз, аҩызцәагьы иансыдырцала, аусура напасыркит. Амала, сара алитература снапы злалакым ала, атәы здыруаз рыцхыраарагьы аҭахын, убри аҿы ароман зегьы инапы иҵхны, ириашаны иаҳзыҟаиҵеит Владимир Қапба. Уажәшьҭа аԥхьаҩцәа шәызнагарада уаҳа акгьы аанымхаӡеит. Сгәы иаанагоит, арҭ аҩымҭақәа рымышьҭа бзиаханы, уашьҭарнахыс ҳажәлар ррыцҳарақәа ракәымкәа, ргәырӷьарақәа еиҭазҳәаша ашәҟәқәагьы ҳаԥхьаҩцәа ирызнаагап ҳәа…"
Аԥсны
Зыԥсадгьыл ахь зшьа иархынҳәыз ашәҟәыҩҩы: Ҳаири Қәҭарба 65 шықәса ихыҵра иазкны
Уажәшьҭа ҳаиасып ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба ироманқәа "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит…" рӡыргара ашҟа.
Уаала иҭәыз И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека азал ду аҿы ари аиԥылара бзиа ааиртит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу. Уи инарҭбааны далацәажәеит ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә мҩа, иара иҩымҭақәа раԥҵара еиԥш, аҭырқәшәахьгьы ишеиҭеигахьоу ароман "Ацынҵәарахи", аԥсуаа ҳҭоурых бзиаӡаны изныԥшуа аҭҵаарадырратә усумҭа дуқәеи.
Ари аиԥылараҿы иара убасгьы дықәгылеит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Уи ари ашәҟәы гәахәарыла данахцәажәа ашьҭахь, дазааҭгылеит Октаи Чкотуа дара рбиблиотека аибашьра ашьҭахь акырӡа ацхыраара шаиҭахьоу иеиуеиԥшым ашәҟәқәа рыла.
Анаҩс ажәа ирҭеит арҭ аҩымҭақәа аҭырқәшәахьынтә аԥсшәахь еиҭазгаз Октаи Ҷкотуа. Уи иазгәеиҭеит ари ашәҟәы аиҭагара гәахәарыла дшақәшаҳаҭхаз, избанзар, араҟа ибзиан иаарыԥшуп аԥсуа жәлар амҳаџьырраан ирхыргаз аџьамыӷәа дуӡӡа. Насгьы, Ҳаири дрыхьӡеит уи амҳаџьырра зхызгаз ауаа, урҭ рҭынхацәа, урҭ изеиҭарҳәеит уаҩы игәы иазымчҳаша, ахаан хашҭшьа змам ахҭысқәа. Иазгәаҭатәуп, иара Октаи Ҷкотуагьы ҳажәлар рҭоурых бзиаӡан ишидыруа, иара ихаҭагьы иахганы Ҭырқәтәылаҟа идәықәырҵаз рышьҭра дшатәу. Убарҭ зегьы анеилала, ари аҩымҭа ду аиҭагара дазхьамԥшыр амуит, иуҳәар ауеит, қәҿиаралагьы еиҭеигеит ҳәа.
Октаи Чкотуа
Анаҩсан дықәгылеит апоет, ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал "Аҟазара" аредактор хада Геннади Аламиа. Уи дазааҭгылеит аиҭага асахьаркыратә ҩаӡара шыҳараку, иара ахаҭагьы роман дук аҳасабала иаҵанакуеит шәышықәса инарзынаԥшуа ҳаԥсуа жәлар ирхыргаз агәаҟра дуӡӡақәа. Иазгәеиҭеит, Ҭырқәтәыла ирацәаҩны аҩымҭа ахә ҳаракны ишыршьахьоу, уаҟа инхо ҳадиаспора ари ашәҟәы иԥшьоу акы еиԥш ишыршьо…
Ароман ахқәа даара сахьаркырала ирыԥхьеит ҳџьынџьуаа Аԥсны иҟоу рҿар, еиуеиԥшым ашколқәа рҵаҩцәа. Урҭ иреиуоуп: Иалса Аҭрышԥҳаи Гәыранда Ҷкотуаԥҳаи.
Ароман азы илоуз агәахәара ду аарыԥшуа дықәгылеит апоет, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада Гәында Сақаниаԥҳа. Уи иара убасгьы даара сахьаркырала даԥхьеит ароман алагамҭа. Илҳәеит иара убасгьы асеиԥш иҟоу аҵак бзиа змоу арҿиамҭа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы ишықәыргылатәу.
Ари аҩымҭа ҳаԥсуа жәлар Аԥсны иҟоума, Ҭырқәтәыла иҟоума, дызусҭазаалак зегьы рзы аҵак дуӡӡа шамоу атәы дахцәажәеит апоет Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа.
Апоет-академик Владимир Занҭариа дазааҭгылеит жәларык рҿахәы зҳәаз ашәҟәы, иагьазгәеиҭеит уи ҟазарыла аԥсшәахь ишеиҭагоу, уаҵәы игыло ҳҿар уи ианаԥхьалак, хымԥада ҳажәлар знысыз аҭоурых хьамҭа ҿаҿаӡа раԥхьа ишгыло.
Азал аҿы иара убасгьы идырбан Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа-ашәҟәыҩҩцәа - Шьинаси Ҭраԥшьи, Маҳаинур Папԥҳаи, Ирфан Ахәаҷбеи авидеонҵамҭақәа рыла Ҳаири Қәҭарба иахь иҟарҵаз адныҳәаларақәа.
Арадио
Еицырдыруа ахьыӡқәа: ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба
Аҵыхәтәан дықәгылеит ароман автор Ҳаири Қәҭарба. Уи еизаз иҭабуп ҳәа раҳәо, дазааҭгылеит асеиԥш иҟоу арҿиамҭа ду аԥҵара дшалагаз, шаҟа шықәса даҿыз, аӡәырҩы амҳаџьырра зыцрасыз ауаа дышрыҿцәажәаз, ирацәаӡаны аҭоурых шҭиҵааз, еиҳараӡакгьы, иара иҳәеит Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" анеиҭеига нахыс, иҽизнымкылакәа, иара ихаҭагьы ароман аҩра дшалагаз…
Иара убасгьы Ҳаири Қәҭарба ирацәаӡаны азал аҟынтәи аԥхьаҩцәа ирҭоз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Ҳаири Қәҭарба ишәҟәы "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит"
Абар ари ашәҟәы бзиа аӡыргараҿы сықәгылеит саргьы. Убраҟа иҟасҵаз ажәахә аазыркьаҿны Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа ишәыдызгалоит:
"Ҳаԥсуа доуҳатә культура, еиҳаракгьы ҳлитература, ауал ду ақәын ҳажәлар рҿаԥхьа амҳаџьырра иазку "Ацынҵәарах" анаҩыс инеиҵыху ҭоурыхтә роман дук ахьаԥҵамыз азы. Уи хаирҭәааит ҳҳәар ҟалоит забдуцәа Аԥснынтәи уи амҳаџьырра ӡыхәашь ду Ҭырқәтәылаҟа иагаз, уи агәаҟҵәаҟрақәа зегь зхызгаз, шәынтә аԥсра абла иҭаԥшхьаз, Аԥсны ақыҭа ԥшӡақәа ируакыз ақыҭа Акаԥа иалҵыз, зшьа-зда уатәи унацәа ахы хызҵәоз аӡыхь хьшәашәақәеи, аԥша ҟәандеи рҭахәмаруаз ҳашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба.
Абри ароман зегь раԥхьа аԥсышәала ахәҭа дук акьыԥхьит ажурнал "Алашара". Уи нахыс ҳаԥсуа ԥхьаҩцәа еицгәарҭеит, иалацәажәеит, акырӡа иазҿлымҳахеит, иашьҭалан ҳредакциахь инеизгьы рацәаҩуп. Абраҟа иазгәаҭатәуп, аиҭага даара ԥсышәацқьала ишыҟаҵоу, аԥсуаа ҳхьаа ду аҭырқәшәа аҟынтә аиагара ус имариаӡамызт, Октаи Ҷкотуа уи иагьа даҟьазаргьы, аҽуреиԥш, аӷәра аҿеикит, иара иахьиҭахыз ахы ирхеит! Автор днаиваргыланы, Октаигьы идуӡӡан иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, избанзар, абри ашәҟәы ҳара ишахәҭоу ҳҿар рҟынӡа иҳазнагар, убри иаҵоу ахьаа ҳазрылаҵар, дара ишрыцәтәымым, ршьа иалазар шакәу реилҳаркаар, усҟан ирацәаҩны зыԥсадгьыл зыбла аҷыц еиԥш изыхьчо аҿар ҳауеит…
Анышә самардаанӡагьы абра сынхоит: зҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәыз Ҳаири Қәҭарба изкны
Уажәы, маҷӡак ароман ҳагәылалап, игәыҭшьаагоу сценак ҿыц иҳархынҳәып:
"Амҳаџьырцәа рыԥсцәа амшын иарымҭарц азы, раԥхьаӡа акыр рыҽдырӷәӷәазаргьы, акаԥдани егьырҭ аӷба амаҵзуҩцәеи ирымуит. Уи адагьы, аршра чымазара реиҳа иацлошәа анырба, уаҳа иҟарҵарыз, инаганы рыԥсцәа амшын иаларыжьуа иалагеит. Ари зычҳара уадаҩӡаз трагедиа дуӡӡан. Аиҳараӡакгьы, зысабицәа ԥсхьаз анацәа, зхәыҷқәа рыԥсы ҭоушәа ҟаҵаны, рыфҩы гаанӡа "шьышь-нани" ҳәо изгәыдкыланы итәаз рзы. Аӷба аныҟәцаҩцәа, иԥсхьаз рхәыҷқәа рымхны амшын ианарҭоз гәыҭшьааган, анацәа рыҵәаабжь уаҩы ихашҭуа иҟамызт".
Ҵарауаҩ дук, мчыла зыԥсадгьыл иахырцаз усҟантәи аԥсуа мҳаџьыр илахьынҵазы иҳәозшәа, абас иҩхьан:
Џьаҳаным уагәылалан удәықәлазар, уцала, уаанымгылан...
Даара уаҩы иџьеишьаша, дагьзырхәыцша, амҳаџьырра аан ҳажәлар абриаҟара агәаҟра дуӡӡа ишҭагылазгьы, аԥсра ахықә ишхықәгылазгьы, уа Ҭырқәтәыла иахьыӡхыҵыз ҩышәҩык рҟынӡа Аԥснынтәи инеиз акаԥаа зҵатәаз, агәылшьап асаса еиԥш, зҿышәҭа ҭеиқәаҵәааӡа иҟаз аҳаԥ ду аҿы, раԥсуара шымҩаԥыргоз акәын. Уахык ала урҭ амлеи аӡышеи иаганы хәыҷи дуи ԥшьҩык хәҩык анымыԥсуаз ыҟаӡамызт, аха аҭаца лҵәыуабжь анхәеи абхәеи ираҳауа, мамзаргьы урҭ ахьтәаз раԥхьа диасуа, ажәак лыхәылшәо, зныкгьы иҟамлеит. Анаџьалбеит, ажәлар аиланҵәара иаҿуп, аӡәы иӷызбжьы ҽаӡәы имаҳауа, рхьаа ӷәӷәа рхапыцқәа аҿҿа шдыргозгьы мчыла ичҳауа, закәытә мыч дуӡӡоузеи иаҵоу хыԥашьа змам аԥсуара?! Иааҳгап ароман аҟынтәи даҽа сценакгьы:
"Кымараҷа лажәақәа иҵаулаӡаз аҵеџь иҭаҳаз ахаҳә еиԥш Ҳаиҭ игәы инҭаҳаит. Аамҭаказ, ҵас-ԥынгылас иҟаз зегьы наҟ днарыгәҭасны, иԥҳа дигәыдиҳәҳәаларц иҭаххеит, амала дшәаԥырҳаԥуан, дызбо ӡәыр дыҟоума ҳәа днаԥш-ааԥшит. Ииашаҵәҟьаны, уи збоз уаҩ дыҟамызт. Есма даашьҭыхны даагәыдикылеит. Есмагьы уаҳа диҟәамҵуашәа дрыӷәӷәаны дылкын лнап хәыҷқәа рыла. Избанзар, ари аҩыза лымбаӡацызт, дашьцыламызт. Иахьауажәраанӡа лаб дгәыдлымкылаӡацызт. Уажәы абгьы аԥҳагьы еицҵәыуон, аха ауаа ирбар, ираҳар ҳәа ишәаны, ашьшьыҳәа ргәы иҭаҵәыуон".
Даҽаџьара ҳаԥхьоит:
"Ҳаиҭ иакәзар, дбылны, дҷыҷны дгылан, игәы еиҟәжәон, аха иҟаиҵарыз, раԥхьа иаб, нас иашьа, урҭ раамышьҭахьгьы ҩыџьа ихәыҷқәеи урҭ рани, аӡәаӡәала ицәыԥсхьан, уажәгьы иԥа Ахреи иаҳәшьа Кымараҷеи рҭагылазаашьа даараӡа ишәарҭан. Макьаназы рыԥсқәа ахьҭоу азы дгәырӷьарызма, мамзар, ирԥеиԥшу азы ихы кыдиҟьарызма издыруамызт".
Анатоли Лагәлаа
Ашәҟәыҩҩы Ҳаири Кәҭарба илшеит, абриаҟара зхыҵуа аԥсуаа ҳгәырҩа ду, ишшыз, ишыԥхаз, ишгәыҿкаагаз, иахьатәи ҳабиԥарахь риагара, иаԥхьо зегьы, аԥырԥырҳәа амца днаркыртә аҟаҵара. Уи баҩхатәра дууп, избанзар, ҩышәшықәса зхыҵуа ҳажәлар ртрагедиа иацу ахьаа ду еиқәырханы, иахьатәи ҳабиԥара аҿҿаҳәа ҳаблыртә аҟаҵара... Ашәҟәыҩҩы асаркьеиԥш икаххаа ицқьаӡа иаҳирбеит "ухы лаурҟәыр аасҭа хьымӡӷыда уԥсы" ҳәа ихәыцуаз ҳашьцәа рлахьынҵа. Уи ахьаа ашәҟәыҩҩы ахеиԥш " илахан" дыҟан, дарҭынчӡомызт, дартәаӡомызт, абриаҟара зхызгаз иабдуцәа рыԥсадгьыл ахь даанагеит Ҭырқәтәылантәи. Урҭ мчыла иахьықәыргаз аҭыԥ аҟны ахәышҭаара еиҿеикит, алҩаҵә ҩаишьҭит, инапала аҩны иргылеит, иашҭа иҭало, бзиала шәаабеит ҳәа дырԥылоит. Ах, шаҟа иӷәӷәозеи уԥсадгьыл ахь иухоу амч, уи ԥҽышьа амаӡамкәа арагәаԥшьеиԥш уҩныҵҟа иугәылатәоуп, абиԥарак аҿы ахы цәырнамгар ҟалаӡом, узхылҵыз рҿы аҽцәыргара амч азымхозар, уара уҿы ицәырҵуеит, уԥсадгьыл гәакьа ушьапы нықәургылаанӡа, ухәламшәы ҵкааны иакызаауеит, уԥсыԥ узымго уахәаҽлоит... Уи ахьаа даиааит Ҳаири, уимоу, иара иазкны зеиӷьҭам аҩымҭа ҳзаԥиҵеит, иҳәеит жәларык рҿахәы, Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа имырцәакәа иааигеит уи ахәышҭаара иҽҳәыганы аԥырӷы. Ааи, уи аԥырӷоуп, ара агәгәаҳәа еиқәиҵаз амца зхылҵыз!..

Сара сгәаанагарала, абри ашәҟәы, ҳҿар ашколқәа рҿгьы, иреиҳау ҳҵараиурҭақәа рҿгьы рыпрограмма иалагалатәуп, ирдыруазароуп, даара ибзиахон ҳтеатртә режиссиорцәагьы азхьаԥшыр, хқәак ирыдамзаргьы асценари ҩны ирзықәыргылар. Иҟоуп, ҳнапаҿы иаҳкуп аҭоурыхтә-сахьаркыратә ҩымҭа бзиа, аха уи ауаа рахь амҩа ылхтәуп, инагатәуп, иҭыҵит мацара азхаӡом, иҭыҵыз закәу реилыркаатәуп, ибзианы иӡыргатәуп.

Ҳара агәра аагоит, абри иахьа гәахәарыла иӡырааго ашәҟәы "Сыхдырҵәеит сыхҵәараххеит" ишавагыло "аишьцәа", ашәҟәқәа, избанзар, Ҳаири Қәҭарба абаҩхатәра змоу шәҟәыҩҩуп, акыр збахьоу, акыр иалаԥшхьоу уаҩуп, уи убриаҟара изымҳәац гәҭыха имоуп, амчгьы имоуп, асеиԥш иҟоу ашәҟәы бзиақәа рыҩразы изхаша. Иҟалап, уи аҩыза алшара ирҭозар зҭоурых имҩыц, зыԥсадгьыл рыԥхыӡ ишалаз ахааназ изцәыӡыз ҳажәлар… Ҳаири, ҳара ишәҟәқәа рнаҩысгьы, иара ихаҭагьы, уаҩԥсык иаҳасабала ҳиеигәырӷьоит!.. Уи аԥсуамаҭәала, икәымжәы-икаба, ихҭырԥарқьақьа, иҽеилаҳәан данаацәырҵуа, рыгәқәа ааҭгәырӷьааны, "аԥсуара мыӡуазаап!" рҳәоит дызбо! Аԥсуара ыҟанаҵ, ҳажәлар урыгымзааит, зтәыла иахырцаз, алахьынҵа цәгьа зауз, жәларык рҿахәы зҳәаз ҳашьа бзиа, ҳашәҟәыҩҩы хатәра, ҳгәадура - Ҳаири Қәҭарба!.."