Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зыԥсадгьыл ахь зшьа иархынҳәыз ашәҟәыҩҩы: Ҳаири Қәҭарба 65 шықәса ихыҵра иазкны

© Sputnik / Анатоли ЛагәлааҲаири Қәтарба
Ҳаири Қәтарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2024
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ашәҟәыҩҩы, аҭоурыхдырҩы, аиҭагаҩ, апублицист Ҳаири Қәҭарба мшаԥы 10 рзы 65 шықәса ихыҵит. Уи изку анҵамҭа ҳадигалоит ажурнал "Алашара" аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа.
"Аԥхьаӡа иргыланы сара сышәҟәыҩҩхап ҳәа сашьҭамызт… Аԥхьа изҩыз сышәҟәқәа аҭоурых иазкын. Урҭ рҟны сҽазысшәон ҳкультура ахҭысқәеи афакҭқәеи рышьақәыргылара, ҳкультура аԥшӡареи абеиареи аарԥшра. Аха аҭоурыхтә усумҭақәа инарҭбааны изрылаҵәом. Убри аҟнытә, сышнеи-шнеиуаз аҭоурыхтә роман ажанр сазкылсит. Ҩ-романк ҭсыжьхьеит, даҽа ҩба аҭыжьра иазсырхиоит. Тема хадас ирымоу – адыгааи аԥсуааи рхырҵәара ауп".
Ҳаири Қәҭарба
Аԥсҭазаара ауаҩы акырџьара дкыднаҟьоит, иҟоуп иԥсадгьыл даҟәыганы ижәлар гәакьа дахьырцәыхароу, иблақәа иахьырымбо даннанагогьы. Иҟоуп, иара иԥсадгьылаҿы дымизаргьы, иабацәеи иабдуцәеи уа иит, уа ирызҳаит, нас аамҭа цәгьак аакылсын, аԥша зҵасыз абӷьеиԥш ишьҭырԥрааны иара иахьаҭаху ианаго. Уи разҟыдароуп, уи рыцҳароуп, уи хҵәароуп, уи мҳаџьырроуп…
Убри аҩыза алахьынҵа изыԥшын аԥсуа шәҟәыҩҩы Ҳаири Кәҭарбагьы.
Ҳаири Қәтарба Ҭырқәтәыла диит, уа акыршықәса дыҟан, ибзиаӡаны идыруеит уаҟа инхо аԥсуа жәлар рыпроблемақәа, еиҳараӡакгьы абызшәа апроблема. Иуҳәар ҟалоит, нхарала-нҵырала аԥсуаа уа инхо даҽа милаҭк иреицәам, уимоу, иахьреиӷьқәоугьы ыҟоуп. Амал зкугьы рацәаҩуп, аамҭа рҽақәдыршәеит. Аԥсуаа рыбжеиҳараҩык ақыҭақәа рҿы инхоит, ақалақьқәа рҿгьы ауадақәа рымоуп. Аӡынра анааилак, аиҳараҩык, рқыҭақәа ааныжьны, рышәқәа нкыдҵаны, ақалақьқәа рахь ицоит, уа еиҳа иԥхарроуп, ахныҟәгарагьы мариоуп ҳәа. Ажәак ала, ҳара иаҳҳәарц иаҳҭаху, убас анцәа ишиҳәара дынхон Ҳаиригьы убра, аха иара иԥсадгьыл акәмызт, уи адгьыл дзықәымтәеит. Акәкәыҳәа Аԥсныҟа ихон игәы, иабдуцәа рыԥсадгьыл ахь, ашьа иамуит, ҭыԥкаҿ дамыртәеит, даанагеит. Нас, иаргьы уи даҿагылозма, иаԥсуара аиааит, имилаҭ ҟазшьа аԥыжәара агеит. Иаанижьыр акәхеит уаҟа имаз инхара инҵыра, дазыӡырҩыр акәхеит ишьа, уи абжьы атәым дгьыл дықәнамыргылеит.
Хайри Кутарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2022
Анышә самардаанӡагьы абра сынхоит: зҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәыз Ҳаири Қәҭарба изкны
Насгьы, Ҳаири даара абаҩхатәра бзиа змоу шәҟәыҩҩуп, иҟалап ибаҩхатәрагьы Аԥсны инықәмыԥшыр амузар, иара адацқәа аҭаххазар, ара ианааи, нас имч ақәымхеит, ашьҭахьҟа измыргьежьит, "ашьапқәа" аҿаршәны иакит.
Ажәакала, Ҳаири Қәҭарба Аԥсны дахьааиз, абри уара удгьыл ауп, уабдуцәа ықәынхон ҳәа ирҭеит, аха аҩны иара инапала аҭаргылара иқәшәеит, уахь аӡәгьы димыргәамҵит, избанзар, иара ихаҭа дахьышәҟәыҩҩу анаҩсгьы, аргылараҿгьы дҟаза дууп, уа Ҭырқәтәыла аханқәа рацәаны иргылахьан, ргылаҩык, нџьнырк иаҳасабалагьы деицырдыруан.
Ара дахьааиз, Гәылрыԥшь араион агәшашараҟынҵәҟьа иқәыҷҷаауа аҩны ссир иргылеит, дынхеит дынҵит, улаԥш узаҟәымго шәҭыла иҭалаҳаны абаҳча еиҿикаат, уанаҩсуа, ҳаи, абри анхаҩ бзиа ԥсынҵры анцәа иҭ, уҳәап.
Аиашаз, усҵәҟьагьы имариамызт адгьыл ҽыц ақәӷьацара, анхамҩа арҭбаара, иԥырхагахазгьы маҷмызт. Изныкымкәа иҩны дырҳәхьан, имаз ахаарабзаара ргахьан, аха нас аӷьычцәа дырмыхәошәа аниба, урҭ раԥсуареи рыламыси шырцәыӡхьаз анеиликаа, ирзицҳаит, иара дшаԥсуоу, ажәытәтәи аԥсуа цқьақәа ршьа дшалҵыз, урҭ иҟарҵаз ацәгьара знык- ҩынтә иранаижьит, аха ахԥатәи аан, рыгәқәа кылблаан ишкаижьуа рцәимӡеит. Уи акәхеит, аӷьычцәа рыԥсқәа рӡеит, уи нахыс, зынзаҵәыкгьы имԥан иқәымлеит.
© Sputnik / Анатлои ЛагәлааҲаири Қәҭарба
Ҳаири Қәҭарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2024
Ҳаири Қәҭарба
Иџьаушьаша, аӷьычцәа аницрыҵ, абгақәа дыхҭаркит, уахынла-ҽынла иашҭа иҭало иалагеит, аԥхасҭа ирҭон. Ҽнак, иааҵраҿы, бга дуки илеи еибакны аибафара ишаҿыз, абга напышьашәала дажәлеит, иӷәӷәангьы дахәит, аха илагьы аҿеимҵеит, иаргьы хәаҽны ишьит.
Абасоуп аԥсуа идгьылаҿ дынхарц ианақәик, егьа хкы иԥырхагахарц, дыдмырӷьацарц иалагаргьы, зегь акоуп, иара еиҳагьы дадхьымӡӷкыланы, инапқәа аларԥаны икуеит, днымхар иуӡом.
Ҳаири Қәҭарба ҳаԥсуа литература иалеигалаз аҩымҭақәа рацәоуп, аха урҭ иаарылукаартә иҟоуп ироман "Сыхҵәеит, сыхҵәараххеит…" Ари аҩымҭа ссир аԥсшәахь еиҭеигеит даара абаҩхатәра бзиа змоу аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла Оқтаи Ҷкотуа. Шықәсқак раԥхьа ароман ахқәак ажурнал "Алашарагьы" ианаҳҵеит, ҳаԥхьаҩцәагьы даара еигәырӷьаны иаԥхьеит.
Сынтәа, Ҳаири ихынҩажәихәбашықәсахыҵра инақәыршәаны, ароман ахқәа зегьы еидкыланы, макьана џьаргьы акьыԥхь зымбац ахԥатәи ахгьы налаҵаны иҭыҵит, мышқәак рышьҭахь Краснодарынтәи иааргоит. Ари даара хҭыс духоит ҳлитература зегьы азы.
Даара уаҩ пату зқәиҵаша ус дуӡӡоуп Ҳаири Қәҭарба Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" еиҭаганы аҭырқәшәахь иахьҭижьыз, Ҭырқәтәыла иахьҭыҵыз. Уи уа, хәышә нызқьҩык Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа рзы ҳамҭа дуӡӡоуп, иаԥхьахьоугьы рацәаҩуп.
Ҳаири Қәҭарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2016
Ҳаири Қәҭарба: сыԥхыӡ лабҿабахеит, сыԥсадгьыл Аԥсны сынхоит
Иара убасгьы, Ҳаири аҭырқәшәахь еиҭаганы иҭижьхьеит ҳҵарауаа ихатәроу рҩымҭақәа, урҭ зегьы еиқәаҳаԥхьаӡоит абра аҵарауаҩ инысымҩа ҳахьалацәажәо.
Даара акрызҵазкуаз хҭысын, Ҳаири Қәҭарба ателеканал "Абаза ТВ" аҟны аабыкьанӡа иахьымҩаԥигоз "Ҳара ҳадиаспора" захьӡу инеиҵыху аиҿцәажәарақәа, амҳаџьырра аҭоурых иашаҵәҟьа уаҟа Ҭырқәтәыла инхо рыблала.
Ҳаири Аԥсныҟа нхара даанӡа мшын нырцә инхо ҳажәлар рҭоурыхтә ԥсадгьылахь рхьарԥшразы акырӡа аџьабаа ибеит, иҭижьуан уаҟа ажурнал "Алашара", иман ашәҟәҭыжьырҭа бзиаӡа "Нарҭ".
Абар Ҳаири Қәҭарба дышихцәажәо иара аԥсуа бызшәахь иеиҭагаҩ Окҭаи Ҷкотуа:
"Уи данхәыҷӡаз аахыс акыр илҵраны дшыҟаз убарҭан, деилҟьан, ихшыҩ ҵарын, игәынкылаша бзиан, абыргцәеи аҭакәажәцәеи зҿлымҳарала дырзыӡырҩуан. Иҵарашықәсқәа зегьы иҩызцәа дрылукааратә дыҟан. Ҭырқәтәыла ахьӡ-аԥша змаз Стампылтәи Атехникатә университет аргылаҩ анџьныр изанааҭ иманы далгеит. Кыр шықәса изанааҭ ала адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҿы аус иуан, аха ихы-иԥсы Аԥсни аԥсуареи ирзкын. Даныҷкәыназ инаркны Кавказаа ркультуратә хеидкылақәа рҿы активла ихы ааирыԥшуан, еиҳаракгьы акәашаратә ансамбыльқәа рҿы. Хара имгакәа алирература игәы азыбылуа далаган аԥсшәа аҟынтәи аҭырқәшәахь аиҭагақәа дрылагеит. Баграҭ Шьынқәба, Иура Аргәын, Гьаргь Амҷба уҳәа русумҭақәа аҭырқәа аԥхьаҩцәа рызнагара илиршеит. Иҩызцәа ивыргыланы иеиҿикааз ашәҟәҭыжьырҭа "Нарҭ" аԥсуааи Кавказааи ирзкны имаҷымкәа ашәҟәқәа ҭнажьит. Анаҩс, "Аlaşara" захьӡыз ажурнал анапхгара аиҭон, ари ажурнал адаҟьақәа рҿы даараӡа ихәарҭоу аматериалқәа аԥхьаҩцәа ирзнанагон. Аибашьра аамышьҭахь анхара ҳәа Аԥсныҟа диасын, Гәылрыԥшь араионаҿы иҭыԥ ылихит. Аԥсны Ашәҟәыҩҩыцәа Рассоциациа далахәылоуп. Иара убасгьы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акәльтуратә усуҩы ҳәа ахьӡ ианашьоуп. Ироманқәа рыхԥагьы аԥсшәахь иеиҭаганы иҭыжьуп. Ҳәарада уи инысымҩа зегьы абас цәаҳәақәак рҭагӡара кырӡа иуадаҩуп. Избанзар, уи ҳлитератураҿ аԥхьа инаргыланы хырхарҭа рацәала аԥсуара иазааԥсахьоу уаҩуп. Уи иҩызара, ииашьара аӡбахә аҳәаразы акәзар иагьа уҳәаргьы иазхап ҳәа сыҟам. Дгәыбылҩуп, иҿаҵа уцеиҩишоит, ихы иагыжьны иҩыза идиҵоит. Сара сзы кырӡа иаԥсоуп Ҳаири иҩызара, аус ицура, ироманқәа аԥсшәахь реиҭагаразы исзааирыԥшыз агәрагарагьы сыԥсы ҭанаҵы ахьӡ-аԥшаны исыԥхьаӡоит."
Ҳаири иара ирҿиарагьы, иҭижьуа ашәҟәқәа ртема хадақәагьы, гәыцәс ирымоу- адыгааи аԥсуааи рхырҵәара ауп.
Уажәы ҳазааҭгылап ҳашәҟәыҩҩы иԥсҭазаареи ирҿиаратә нысымҩеи:
Қәҭарба Ҳаири Ҳаиаҭи-иԥа (Ҳаири Ерсои) диит мшаԥы 10 1959 шықәсазы Ҭырқәтәыла, Диузџье, Акчокоџьа араион Есма-Ҳаным ақыҭан. Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа дреиуаны зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз шәҟәыҩҩуп, ҭоурыхдырҩуп, еиҭагаҩуп, публициступ. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2007). Аԥсшәа даараӡа ибзианы идыруеит, ихатәы бызшәала даԥхьоит, дыҩуеит, асахьаркыратә ҩымҭақәа аԥиҵоит ҭырқәшәала.
1966 шықәсазы иқыҭа гәакьаҿы алагарҭатә школ дҭалеит, анаҩс Диузџьеҟа диасит, уа абжьаратә школ далганы 1976 шықәсазы дҭалеит Анкаратәи амедицинатә институт (Ҳаџьеԥ-ҭеԥе), аха хара имгакәа, 1978 шықәсазы Сҭампылтәи ауниверситет анџьныр-ргыларатә факультет дҭалоит.
Хайри Кутарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2018
Арадио
Ҳаири Қәҭарба: ҳабацәа ирхыргаз аџьамыӷәӷәа атәы ҳзеиҭарҳәомызт
Ҳаири Қәҭарба данхәыҷыз инаркны афольклор дазҿлымҳан, убасҟан жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа рышьаҭала ажәабжь кьаҿқәеи алакәқәеи иҩуа далагеит. Дышнеи-шнеиуаз истатиақәеи иажәабжьқәеи икьыԥхьуан Кавказаа рхылҵшьҭрақәа иртәыз апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны. ("Нхыҵ Кавказ" уҳәа егьырҭгьы); аԥсуа-адыгеи Кавказ егьырҭ ажәларқәеи рҭоурых иазкны аҭоурыхтә усумҭақәа ҭижьуан (иаагозар, "Ачарқьесқәа рҭоурых", Сҭампыл, 1992; еицырҩит Аисун Қамаџьи иареи).
1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны Ҳаири Қәҭарба еиҳа дазхьаԥшуа далагеит алитературатә рҿиара.
Ҳаири Қәҭарба машәыршақә акәым аҭоурыхтә проза дзазхьаԥшыз, Кавказтәи аибашьра иахҟьаны XIX ашәышықәсаз ҳажәлар рҭоурых аҟны аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа рпроблемақәа рыла. Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны иҟоу егьырҭ ашьхарыуа диаспорақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы реиԥш еиликаауан, атрагедиа ахыҵхырҭақәа XIX ашә. ашҟа ушиарго, насгьы ашәҟәыҩҩы уаанӡа инапы злакыз аҭҵааратәи аиҭагаратәи усура акырӡа ицхрааит аҭоурыхтә ҩымҭақәа раԥҵараан. Араҟа иазгәаҭазар ауеит Б. Шьынқәба, иара убас адиаспора иаҵанакуа егьырҭ ачерқьес шәҟәыҩҩцәа Кавказтәи аибашьра иазкны иаԥырҵахьаз аҩымҭақәа.
2005 шықәсазы иҭыҵит раԥхьатәи ироман "Ахырҵәара", 2006 шықәсазы – аҩбатәи ашәҟәы. Ароман аԥхьатәи ахәҭа аԥсшәахь еиҭеигеит Оқҭаи Ҷкотуа, егькьыԥхьын 2009 ш. ажурнал "Алашара" аҟны, ҩ-хәҭак аманы хазы шәҟәны иҭыжьын 2011 ш. Аԥсныҳәыншәҟәҭыжьырҭа аҟны. Ароман аҟны автор иааирԥшуеит XIX ашә. Кавказтәи аибашьра иахҟьаны Ҭырқәтәылаҟа иахгаз аԥсуаа ртрагедиа, атәым жәҩан аҵаҟа рыԥсҭазаашьа, ианыԥшуеит аԥсуаа рыбзазара, рҵас-рқьабз, ртрагедиа. Аҩымҭаҿы раԥхьаӡа акәны ахҭысқәа аарԥшуп Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак иблала.
© Sputnik / Анатоли ЛагәлааҲаири Қәҭарба Анатоли Лагәлаа
Ҳаири Қәҭарба Анатоли Лагәлаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2024
Ҳаири Қәҭарба Анатоли Лагәлаа
Абраҟа гәык-ԥсыкала иазгәасҭар сҭахуп, сара сыхьӡалагьы, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы рыхьӡалагьы, ҳдоуҳатә культура абриаҟара иазааԥсахьоу ауаҩы, мшын нырцә иҟоу ҳажәлар рабдуцәеи рабацәеи ирхыргаз зегьы ахааназ хашҭшьа амамкәа ихәыцуа амилаҭқәа зегьы ирзынзыжьыз, шықәсырацәала ҳажәлар дрыгымкәа, аԥсшәа Аԥсны иқәҩуанаҵы, ԥсра зқәым ирҿиамҭақәа уаҵәы игыло ҳҿар ирыцзааит, идырхәыцлааит, идыргәырӷьалааит, рыԥсадгьыл заҵәы аҿы ишаԥшәымацәоу ахааназ иаанхааит!..
Ажәабжьқәа зегьы
0