Аԥсны

Аԥсны АҶА ахь дырра заҵәык ҟалеит иахатәи ақәаршҩы иахҟьаны

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аԥсны АҶА ахь дырра заҵәык ҟалеит иахатәи ақәаршҩы иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа ахада Лев Кәыҵниа.
"Турбаза араион иахьаҵанакуа аҵла каҳаит. Ҳара иара ықәганы амҩа ҳрыцқьеит. Иааидкыланы ареспубликаҿы ҭынчроуп, аӡәгьы ацхыраара дамыҳәацт", – ҳәа иҳәеит аминистр.
Иара иажәақәа рыла, ахатәыҩнқәа аӡы рԥырхагахеит ҳәагьы дырра ыҟам.
Аҟәа аӡы аиура шьақәыргылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаб. Уаанӡа аӡыҭгагақәа ырцәан уахынла алашара ахьыҟамыз инамаданы.