Аԥсны

Аԥсны аконституциатә закәан "Ахада иалхразы" аԥсахрақәа алагалоуп актәи аԥхьарала

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аԥсны аконституциатә закәан "Ахада иалхразы" аԥсахрақәа алагалоуп актәи аԥхьарала.
Аԥсахрақәа Алхратә комиссиа хада иаԥшьгамҭоуп. Ажәалагалақәа абас иҟоуп:
абжьыҭара амш азы ихыхым аӡбамҭа зқәу, арыжәтәхҭакра змоу, анаркоманцәа, атаксикоманцәа, апсихикатә шьақәҟьара змоу атәылауаа Ахадарахьы ралхразы азин рымхзарц. Абасала, атәыла ахадарахьы зкандидатура ықәзыргылои уи ихаҭыԥуаҩрахь ицо акандидатцәеи рҭаҩразы, абарҭ аԥсахрақәа инарықәыршәаны, ихымԥадатәиу аршаҳаҭгақәа рыла адокументқәа реиқәыԥхьаӡа харҭәаатәуп.
алхратә биуллетень аформеи атексти ԥсахтәуп. Абжьыҭира кандидатк изы имҩаԥысуазар азеиԥш алхрақәа рҟнеиԥш, арбагақәа "сақәшаҳаҭуп", "саҿагылоуп" ықәыргылатәуп, аҩынтәтәи абжьыҭираан ҩыџьа акандидатцәа рзы абиуллетень иалагалахом ацәаҳәа "зегьы сырҿагылоит".
ииашам ҳәа иԥхьаӡахаз абиуллетеньқәа рхыԥхьаӡара алхрақәа реихшьалараан алхратә комиссиа ишҳәаақәырҵо. Уаанӡа аилкаара "абиуллетень иашаҵәҟьа" азакәан аҟны иарбамызт. Далхуп ҳәа дшьахоит акандидат алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак зауа, ииашаҵәҟьаны иазхаҵоу абиуллетеньқәа рыла.
АКХ алхрақәа мҩаԥымсӡеит ҳәа изашьо амзызқәа рхыԥхьаӡара харҭәаахоит. Арахь иаҵанакуеит еиҳаны абжьы зауз акандидат ирҭаз абыжьқәа рхыԥхьаӡара аиҳа зегьы ирҿагыло рыбжьқәа еиҳахазар ма ииашаҵәҟьоу абиуллетеньқәа раасҭа ииашаҵәҟьам еиҳахазар.