Аԥсны

Аԥсны АШәМ ахантәаҩы еиҭеиҳәеит 2020-2024 шықәсқәа рзы аусбарҭаҟны имҩаԥгаз аусурақәа ртәы

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Дмитри Қәычубериа еиҭеиҳәеит 2020-2024 шш. рзтәи аусбарҭаҟны имҩаԥгаз аусурақәа ртәы, азинхьчаратә усзуҩцәа ркоординациатә еилатәараҿы иқәгылараан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада Иинфоцентр.
Ихадоу:
АШәМ аматериалқәа рыла 124 шьаус хацыркуп, урҭ ирхыԥхьаӡалоуп аҳәынҭԥсахреи аԥшыхәреи. Урҭ рганахь ала 65-ҩык ирықәыӡбоуп.
Аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагаразы иаанкылоуп 7 000-ҩык, закәаншьаҭада аидара аҳәаа ахыгаразы 240 ҽазышәара аԥырҟәҟәаауп.
2020 шықәса раахыс амаининг аппаратқәа 10 нызқь цыра аҿыхуп.