Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа АҶА аусура аԥхынтәи аамҭаз

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр, Урыстәыла ареион ҿыцқша аус рыцуразы Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, сынтәатәи аԥхынраз русура шеиҿкааз атәы, амашәырқәа рхыԥхьаӡара амаҷхара зыбзоуроу, насгьы еиҭа аус зыдулатәу.
Sputnik
Сынтәа аԥхын аамҭазы аԥсыҭбара зцыз амашәырқәа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷуп, иҳаҩсыз ашықәсқәа ирыҿурԥшуазар, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәыҵниа.
"Иҭахаз усҟак ирацәам, аха акызыҵәык, уажәы иааиқәырццакны аӡаҿы арыцҳарақәа ҟалеит ари амазазы, уи ҳгәы ҳнархьуеит", - инаҵишьит иара.
Амцакрақәа ракәзар, 854 рҟынӡа ыҟан. 2024 ашықәса иалагӡаны, иахьанӡа, хҩык амца иалыблит. Урҭгьы иаҳа имаҷхеит, егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны, иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр.
Кәыҵниа иҳәеит, аԥсшьарҭатә ҩнқәа рҿы аӡаҿы ашәырҭадара иаҳа игәцараркуа ишалагаз. Аха макьаназы зышәагаа маҷу аӷбақәа рганахьала иҟаҵатәу маҷым. Урҭ рхымҩаԥгашьа азҵаарақәа рацәаны ицәырнагоит, иазгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.