Арадио

Аветеран Гәлиа: аамҭа ахылацыԥхьаӡа аибашьра агәалашәара иаҳа игәыхьхоит

Sputnik
Уқәра цацыԥхьаӡа, иҟалап, угәы акалашәа иҟалозар, избанзар ессааира рхыԥхьаӡара маҷхоит аибашьраан аԥсадгьыл зыхьчаз, ҳәа азгәеиҭеит Гәылиа.
"Агәалашәара иаҳагьы иҵауланы ула ихгыло аҟынӡа унеиуеит", - ҳәа азгәеиҭеит аветеран.
Иара ишигәалашәо ала, дызлаз Ешыра –Афонтәи абаталион ажәылара иалагеит ашьыбжьон Гәымсҭа ҩадатәи ацҳала.
Аибашьраҟны аԥсразы ахәыц мацара анугхоз изныкымкәа аҭагылазаашьақәа ҟалахьан, уи атәы бзианы ирдыруеит аԥсадгьыл азықәԥаҩцәа ҳәа азгәеиҭеит Гәылиа.
"Абри угәы анааиҭаԥлак, схаҭа убас акәын ишызбоз, сшәар, сан, саб, 13 шықәса зхыҵуаз еибашьра ицар сҭахыз сашьеиҵбы, саҳәшьеиҵбы исҿаԥшуазшәа, сыла ихгылон, убри аҟынтәи сгәы исынаҭомызт ашәара сҩызцәа иҟарҵоз ҟасҵон", - иҳәеит Гәылиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.