https://sputnik-abkhazia.info/20240925/aveteran-glia-aama-akhylatsykhaa-aibashra-agalashara-iaa-igykhkhoit--1052374552.html
Аветеран Гәлиа: аамҭа ахылацыԥхьаӡа аибашьра агәалашәара иаҳа игәыхьхоит
Аветеран Гәлиа: аамҭа ахылацыԥхьаӡа аибашьра агәалашәара иаҳа игәыхьхоит
Sputnik Аҧсны
Уқәра цацыԥхьаӡа, иҟалап, угәы акалашәа иҟалозар, избанзар ессааира рхыԥхьаӡара маҷхоит аибашьраан аԥсадгьыл зыхьчаз, ҳәа азгәеиҭеит Гәылиа. 25.09.2024, Sputnik Аҧсны
2024-09-25T17:39+0300
2024-09-25T17:39+0300
2024-09-25T17:39+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/19/1052374727_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_6480a58543465c84f82bc1b2ce969874.jpg
Аветеран Гәлиа: аамҭа ахылацыԥхьаӡа аибашьра агәалашәара иаҳа игәыхьхоит
Sputnik Аҧсны
Аветеран Гәлиа: аамҭа ахылацыԥхьаӡа аибашьра агәалашәара иаҳа игәыхьхоит
Уқәра цацыԥхьаӡа, иҟалап, угәы акалашәа иҟалозар, избанзар ессааира рхыԥхьаӡара маҷхоит аибашьраан аԥсадгьыл зыхьчаз, ҳәа азгәеиҭеит Гәылиа."Агәалашәара иаҳагьы иҵауланы ула ихгыло аҟынӡа унеиуеит", - ҳәа азгәеиҭеит аветеран.Иара ишигәалашәо ала, дызлаз Ешыра –Афонтәи абаталион ажәылара иалагеит ашьыбжьон Гәымсҭа ҩадатәи ацҳала.Аибашьраҟны аԥсразы ахәыц мацара анугхоз изныкымкәа аҭагылазаашьақәа ҟалахьан, уи атәы бзианы ирдыруеит аԥсадгьыл азықәԥаҩцәа ҳәа азгәеиҭеит Гәылиа. "Абри угәы анааиҭаԥлак, схаҭа убас акәын ишызбоз, сшәар, сан, саб, 13 шықәса зхыҵуаз еибашьра ицар сҭахыз сашьеиҵбы, саҳәшьеиҵбы исҿаԥшуазшәа, сыла ихгылон, убри аҟынтәи сгәы исынаҭомызт ашәара сҩызцәа иҟарҵоз ҟасҵон", - иҳәеит Гәылиа.Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/19/1052374727_338:0:3067:2047_1920x0_80_0_0_54641135109b38ac0ad8da550f1002ed.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аветеран Гәлиа: аамҭа ахылацыԥхьаӡа аибашьра агәалашәара иаҳа игәыхьхоит
Уқәра цацыԥхьаӡа, иҟалап, угәы акалашәа иҟалозар, избанзар ессааира рхыԥхьаӡара маҷхоит аибашьраан аԥсадгьыл зыхьчаз, ҳәа азгәеиҭеит Гәылиа.
"Агәалашәара иаҳагьы иҵауланы ула ихгыло аҟынӡа унеиуеит", - ҳәа азгәеиҭеит аветеран.
Иара ишигәалашәо ала, дызлаз Ешыра –Афонтәи абаталион ажәылара иалагеит ашьыбжьон Гәымсҭа ҩадатәи ацҳала.
Аибашьраҟны аԥсразы ахәыц мацара анугхоз изныкымкәа аҭагылазаашьақәа ҟалахьан, уи атәы бзианы ирдыруеит аԥсадгьыл азықәԥаҩцәа ҳәа азгәеиҭеит Гәылиа.
"Абри угәы анааиҭаԥлак, схаҭа убас акәын ишызбоз, сшәар, сан, саб, 13 шықәса зхыҵуаз еибашьра ицар сҭахыз сашьеиҵбы, саҳәшьеиҵбы исҿаԥшуазшәа, сыла ихгылон, убри аҟынтәи сгәы исынаҭомызт ашәара сҩызцәа иҟарҵоз ҟасҵон", - иҳәеит Гәылиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.