Аԥсны

Ҷлоу ақыҭа амҩақәа руак ихьӡ ахырҵеит хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Мураҭ Куџев

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа амҩақәа руак ихьӡ ахырҵеит Ҟарачы-Черқьестәылантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Мураҭ Куџев.
17 шықәса зхыҵуаз арԥыс Аԥсныҟа дааит 1993 шықәса рашәарамзазы.
Иан илзынижьит ашәҟәыбӷьыц: "Сан, усқәак сымоуп, хьаас сбымкын. Хԥа-ԥшьба мшы сҟалаӡом. Мураҭ."
Куџев Гәымсҭатәи афронт аҟны деибашьуан. 1993 шықәса ԥхынгәы 4 рзы дызгашаз ахы иқәшәеит.
Мураҭ Куџев данҭаха ашьҭахь "Агәымшәараз" амедал ианашьан.